Мартин Тхамоков х-кәашара ҿыц ықәиргылеит ансамбль "Афырҭын" азы

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаМартин Тхамоков х-кәашара ҿыц ықәиргылеит ансамбль "Афырҭын" азы.
Мартин Тхамоков х-кәашара ҿыц ықәиргылеит ансамбль Афырҭын азы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Мартин Тхамоков х-кәашара ҿыцк ықәиргылеит Гагратәи афольклортә ансамбль "Афырҭын" азы.

ГАГРА, нанҳәа 4 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Афырҭын" асахьаркыратә напхгаҩы Лев Қьецбеи Нальчиктәи ансамбль "Зори Кавказа" асахьаркыратә напхгаҩы Мартин Тхамокови ирыбжьоу акультуратә еимадара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩымчыбжь ирылагӡаны Нхыҵ-Кавказтәи ахореограф аԥсуа хәыҷқәа рзы иқәиргылеит акәашаратә қәгыларақәа хԥа.

"Ансамбль акәашаратә қәгыларак нагӡаны инанагӡарц азы, аамҭала ҩымз-хымз ҳанадхало ыҟоуп, иҟалалоит шықәсык аҟынӡагьы. Аха ахәыҷқәеи сареи есыҽны ԥшьба-хәба сааҭ аус уны иҳалҳаршеит ҩымчыбжь ирылагӡаны х-кәашарак рықәыргылара", — иҳәеит абалетмеистер Мартин Тхамоков.

Артист иажәақәа рыла, ансамбль "Афырҭын" алахәцәа, даара азыҟаҵара бзиа рымоуп, убри иалҵшәахеит акәашарақәа аамҭа кьаҿ иалагӡаны рықәыргылара.

Иахьа, Гагратәи афольклортә ансамбль "Афырҭын" акәашацәа инарыгӡоит Ҟабардатәи ажәытә аамсҭацәа рыкәашара, алактәи авартәи акәашарақәеи.

Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Мартин Тхамоков, аԥсуа хәыҷқәа рзы иқәиргылаз акәашарақәа дырбан, аҟазаратә школ аҽазыҟаҵаратә зал аҟны.

Артистцәа қәыԥшцәа ирыхәаԥшырц арахь имҩахыҵит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, акультура аҟәша аусзуҩцәа.

Асҭамыр Малиа: Сыԥсҭазаара аҟазара иазкуп

Нхыҵ-Кавказтәи абалетмеистер иџьабаа ахә ҳаракны ишьо, агәаҭаратә қәгыларақәа ирҭааз зегьы иҭабуп ҳәа иарҳәеит. Мартин Тхамоков иазгәеиҭеит, аԥсуа хәыҷқәа аус ахьынӡарыдиулоз, игәыбылра шырзынхаз.

Артистцәа қәыԥшцәа ракәзаргьы, иахьеиԥырҵуа хьааргоит, аха агәра ргоит русеицура ишацҵахо.

"Арҭ амшқәа ирылагӡаны, Мартин Борис-иԥа иаҳирҵаз даара ирацәоуп. Ансамбль алахәцәа зегьы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, ачҳара аарԥшны, игәамԥхо ыҟазаргьы иаҳимырбакәа, ихы-иҿы ихаччо, акәашара ҿыцқәа ахьҳирҵаз азы", — рҳәоит артистцәа хәыҷқәа.

Ансамбль "Афырҭын" аҿыц кәашарақәа ахәаԥшцәа ирыдыргалоит, ааигәа иазгәаҳҭараны иҟоу Аиааира амши Гагра араион ахақәиҭтәра амши раан имҩаԥысраны иҟоу аконцертқәа рҟны.

"Арҭ акәашарақәа ҭоурыхла иртәу акостиумқәа рыӡахразы иҿаҳҵахьеит абаа. Зегь реиҳа ибеиоу аамсҭацәа рыкәашара иатәу ауп. Агәра згоит, ахәаԥшцәа ирымбац ақәгыларақәа гәахәарыла ишрыдыркыло", — ҳәа азгәеиҭеит ахореограф Лев Қьецба.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаМартин Тхамоков х-кәашара ҿыц ықәиргылеит ансамбль "Афырҭын" азы.
Мартин Тхамоков х-кәашара ҿыц ықәиргылеит ансамбль Афырҭын азы. - Sputnik Аҧсны
Мартин Тхамоков х-кәашара ҿыц ықәиргылеит ансамбль "Афырҭын" азы.

Ахореграфцәа ркультуратә еимадара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҭагалан, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба, Ҟабарда-Балкариатәи ансамбль "Зори Кавказа" азы иқәиргылараны дыҟоуп аԥсуа ажәытә кәашареи аҿар рыкәашареи.

Ҩышықәса раахыс Лев Қьецбеи Мартин Тхамокови ргәы иҵхоз апроект абас ала амҩа аанартит.

Ажәабжьқәа зегьы
0