Урыстәылатәи аиндолог Иарослав Васильков илекциа Аҟәа имҩаԥысит

© Sputnik Бадри ЕсиаваЛекция на тему далека ли Индия от кавказа
Лекция на тему далека ли Индия от кавказа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҭҵарадырратә Академиа антропологиеи аетнографиеи Рмузеи аусзуҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, аиндолог Иарослав Васильков илекциа "Индиеи Кавкази еицәыхароума? Археологиа аҟынтәи амифи аепоси рахь" иазыӡырҩырц Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиахь иааиит аспирантцәа, аҵарауаа, археологцәа, афольклористцәа, ААУ астудентцәа.

АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи аҭҵарадырратә Академиа антропологиеи аетнографиеи Рмузеи аусзуҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, аиндолог Иарослав Васильков илекциа "Индиа Кавказ иацәыхароума? Археологиа аҟынтәи амифи аепоси рахь" мҩаԥысит цәыббра 21 азы Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿ.

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут адиректор Миквабиа Зураб Иасон-иԥа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҵарауаа ажәра аанызкыло ахәшә аҟаҵара иаҿуп

Аҵарауаҩ игәаанагарала Кавкази Индиеи рыбжьара имаҷым аидҳәаларақәа. Урҭ ирылукаартә Васильков ибоит Кавказтәи Нарҭтәи аепоси Индиатәи аепосқәеи релементқәак реиқәшәара.

"Сара сазааиит агәаанагара – Нарҭаа репос акырӡа ажәытәра ишаҵанакуа, азқьышықәсақәа шахыҵуа. Иҟалап иара анаԥырҵоз Маиҟәаԥ акурган-ԥсыжырҭа дуӡӡақәа андыргылоз, адольменқәа рхы ианадырхәоз аамҭаз акәзар. Дареи индиатәи акультуреи рҟазшьақәа реиԥшызаара иунаҭоит агәаанагара ажәытә индиаа урҭ рырҿиара иалахәызар ҟаларын ҳәа" — иҳәоит Васильков.

Урыстәылатәи аҵарауаҩ Аԥсны раԥхьаӡа акәны даҭааит. Жәамш ара иҟазаара иалыршаны дырҭаан ибеит еиуеиԥшым акультуратә обиектқәа, ҷыдала ажәытә ԥсыжырҭақәа.

Аԥсни Индиеи рдольменқәа реиԥшызаарақәа макьаназ иузахмырԥо ршаҳаҭгоуп ҳәа шузазымҳәогьы асеиԥш иҟоу аимадарақәа шьақәнарӷәӷәоит иҳәеит Васильков.

"Археиологцәа, афольклористцәа, аетногрофқәа абри аганахь ала аусура ду мҩаԥыргар ауп иҟоу шыҟоу аҭҵааразы", — ҳәа азиԥхьаӡоит аҵарауаҩ.

Алекциа ашьҭахь аҭоурых наукақәа рдоктор Иури Анчабаӡе Sputnik акорреспондент игәаанагара имеидеит. Иара аҽа хырхарҭак инапы шалакугьы, ажәытәӡан Кавкази Индиеи аимадара рыманы иҟан ҳәа иҟоу атеориа хшыҩҵакыдам ҳәа ахиҳәаати.

Аҵарауаа иазааҭгылеит абызшәадырыҩ  Ҭамара Шьаҟрыл ллага аԥсуа бызшәа аҿиараҿы - Sputnik Аҧсны
Аҵарауаа азааҭгылеит абызшәадырыҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа ллага аԥсуа бызшәа аҿиараҿы

"Кавкази Индиеи, аиҳаракгьы аԥсуа-адыга уаажәларреи аладатәи Индиеи рыбжьара акультуратәи аҭоурыхтәи еимадарақәа ыҟан ҳәа Васильков ииҳәо, иааиго аматериал ҵаҵӷәыданы иҟам", — иҳәеит Анчабаӡе.

"Махабхаратеи" (Бхаратаа рхылҵшьҭрақәа ирызку ажәабжь ду-аред.) нарҭтәи аепоси ирымоу аиԥшызаарақәагьы шьаҭаркуп иҳәеит аҵарауаҩ. АНА аспирант Инал Гыцба иазгәеиҭеит алекциа аинтерес ду шаҵаз.

"Сара алекциа акыр схы азкыдҵан сазыӡырыҩуан. Аинтерес аҵан. Ажәларқәа рыбжьара акультуратә еинырра џьоушьартә иҟам. Ҳара зегьы дгьылк аҿы ҳаицынхоит, аха аԥсуааи аидусцәеи рхылҵшьҭрақәа ҳәарада еиԥшым", — иҳәеит Инал Гыцба.

РАН антропологиеи аетнографиеи Рмузеи аусзуҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, аиндолог Иарослав Васильков иеиҭагамҭоуп, иагьҭиҵаауеит индиатәи аепос "Махабхарата".

Ажәабжьқәа зегьы
0