Гагра араион ахақәиҭтәра 26 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздничные мероприятия в день освобождения Гагры
Праздничные мероприятия в день освобождения Гагры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 6 рзы, иҵит 26 шықәса Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аибашьра аналага аҩбатәи амш аҽны, ԥхынгәы 15 рзы, Ԥоҭынтә Гаграҟа идәықәлеит амшынтә десант. 13 сааҭ рзеиԥш, дара Цандрыԥшь иӡхыҵит. Араҟа аԥсуа еибашьцәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аҿагылара рырҭарц рҽазыршәеит, аха рымчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит.

Аӷа уи ихы иархәаны, Гагра инапахьы иааигеит. Аибашьра ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан 48 мши ҵхи. Ажәыларатә план инақәыршәаны, жьҭаара 2, 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы аоперациа иалагеит. Жьҭаара 6, ашьыжь 6 сааҭки 40 минуҭи рзеиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Ԥсоу аҳәаа иахашәыршәыруан.

Ари раԥхьатәи иааирахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны, раԥхьатәи гәыӷрахеит ҳажәлар рзы, раԥхьатәи ԥышәарахеит ахацәа рзы.

Гагра араион ахақәиҭтәра 26 шықәса ахыҵра аҽны, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи, иҭахаз аҵеицәа рбаҟақәеи рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәара, Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра, Гагра араион анапхгара, Нхыҵ-Кавказтәи аделегациақәа, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи, рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи, ақалақь иаҭааз асасцәеи.

Ԥсахара ишьақәыргылоу БРДМ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ԥсахара ишьақәыргылоу амашьына "БРДМ" аҭоурых

"Гагра ҭаҳмарцәызҭгьы, Аиааира дугьы зыҟаломызт. Аԥсуа еибашьцәа рымч еибыҭаны, ҳәоуеиқәшәала, ирылдыршеит аӷа иалцара. Убри алагьы иаҳгеит раԥхьатәи, ҳгәы шьҭызхыз, ҳшьамхы зырӷәӷәаз Аиааира", — иҳәеит Гагра араион ахақәиҭтәра иалахәыз "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Шалва Ажьиба.

Ахьӡ-аԥша абаҟа аҿаԥхьа еизаз ажәлар аидыҵра рҭахымызт. Аибашьра аветеранцәа, ирывыршьааз рҩызцәа ранацәеи, рыхшареи ргәы хыҭ-хыҭуа аԥсшәа рарҳәон, рыԥсҭазаашьа иазҵаауан. Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа рарҳәон, аибашьраан Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааз, арҭ аныҳәамшқәа ҳацеиҩызшаз аветеранцәа.

"Шәара шәыешьаратә жәҩахыр амчгьы ҳанаҭеит, аха раԥхьа иргыланы агәыӷра. Ҳаԥсы ҭанаҵы, арыцҳара ҳанҭагылаз иаҳзаашәырԥшыз ацхыраара ҳаргьы иаҳхашҭуам, ҳхәыҷқәагьы", — ҳәа реиҳәеит аибашьра аветеран "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Ҭимыр Гәлиа.

Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 117-ҩык ҳтәыла аҵеицәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0