Акурорттә сезон иалагӡаны Афон ҿыцтәи аҳаԥы иаҭааз рхыԥхьаӡара маҷхеит

© Sputnik Томас ТхайцукНовоафонская пещера
Новоафонская пещера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афон ҿыцтәи аҳаԥы аартын 1961 шықәса рзы, 1975 шықәса рзы иара иаднакылеит раԥхьатәи атуристцәа.

АҞӘА, жьҭаара 10— Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2018 шықәсазтәи акурорттә сезон иалагӡаны аҳаԥы иаҭааз рхыԥхьаӡара ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар 37 нызқьҩык рыла еиҵан ҳәа ҳалҳәеит аҳаԥы аҳасабеилыргаҩ хада Аида Маршьанԥҳа.

Мирон Чалмаз - Sputnik Аҧсны
Арадио
Чалмаз Афонҿыцтәи аҳаԥы азы: аԥсабара иҳанаҭаз баҟоуп

Иахьатәи аамҭазы аҳаԥы иаҭаахьеит 267 000-ҩык аҭааҩцәа.

"Убри инадҳәаланы аҳаԥы ахашәала лаҟәит. Сынтәа иара иартәеит 133 миллион мааҭ, ари ҵыԥхтәи арбагақәа ирҿырԥшны 23 миллион мааҭ рыла еиҵоуп", — лҳәеит лара.

Аҳаԥы аменеџьер хада Есма Гарцкиаԥҳа лажәақәа рыла аҳаԥы аҭаара лаҟәы зыхҟьаз ашьапылампыл азы имҩаԥысуаз адунеи ачемпионат ауп.

"Уаанӡа аҭааҩцәа гәаран ҟаҵаны аҳаԥы иҭалозар, сынтәа ҳазхьымӡоз акыҟамызт. Ҳара ҳгәаанагарала аҭагылазаашьа зыхҟьаз адунеи Ачемпионат амҩаԥгароуп", — лҳәеит лара.

Ус шакәугьы аремонттә усурақәа хыркәшоуп, аҳаԥы ҽаантәи асезон аҽазырхианы иҟоуп.

"Азыԥшырҭатә зал аремонт ҟаҳҵеит. Атуристцәа уаанӡа аҭагылазаашьа иахашшаауан. Уажәы авестибиуль ҭбаа-ҭыцә ҟаҳҵеит. Атәарҭақәа ргылахоит. Асанузелқәа ирыцаҳҵеит. Ишҳалшоз ала ауаа рҭагылазаашьа маншәаланы еиҿаҳкааит", — ҳәа еиҭалҳәоит амениџьер хада.

Аҳаԥы ахаҭаҿы ажәытә маакырақәа ԥсахуп. Аҳаԥы ахыбраҿ имҩаԥгаз аремонт ахәԥса иартәеит 30 миллион мааҭ аԥара.

"Уи адагьы аштат аҿы иҟоу 145-ҩык аусзуҩцәа рулафахәы рзаҳшәоит, аҳәынҭқаррахь ашәахтәқәеи абаџьқәеи ҳшәоит", — лҳәоит Аида Маршьанԥҳа.

Афон ҿыцтәи аҳаԥы аартын 1961 шықәса рзы, 1975 шықәса рзы иара иаднакылеит раԥхьатәи атуристцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0