Марина Шамԥҳаи Алла Оҭырԥҳаи рконцерт мҩаԥган Нижни Новгород

CC0 / / Фортепьяно
Фортепьяно - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи амузыкантцәа Марина Шамԥҳаи Алла Оҭырԥҳаи рконцерт мҩаԥган Нижни Новгородтәи Михаил Глинка ихьӡ зху аҳәынҭқарратә консерваториаҿ. Аконсерваториа асценаҿ инагӡан ауарӷани афортепианои рҿы аклассикатә музыка арҿиамҭақәа.

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи амузыкантцәа Марина Шамԥҳаи Алла Оҭырԥҳаи рконцерт мҩаԥган Нижни Новгородтәи Михаил Глинка ихьӡ зху аҳәынҭқарратә консерваториаҿ.

"Ҳара ҳҩызцәа рыгәҭа ҳаҟоушәа ҳхы аабон. Аҭагылазаашьа акыр аԥхарра аҵан. Арепетициақәа рзы аамҭа ҳаман, иаҳзалырхыз аҭыԥгьы ҳҭахрақәа ирықәшәон. Уи аҵакы аман аиҳаракгьы ауарӷан аганахь ала, избанзар уатәи ауарӷани пицундатәии еиԥшым. Даара зегь шьахәны имҩаԥысит", — ҳәа еиҭалҳәоит Алла Оҭырԥҳа.

Лара илҳәеит асолотә концерт дара рзы Аԥсны анҭыҵ ираԥхьатәин ҳәа. Аҳәаанырцәтәи азыӡырыҩцәа апрограмма ахә ҳаракны иршьеит лҳәеит лара.

Аԥсуа уарӷанарҳәаҩ Марина Шамԥҳа иазгәалҭеит аконцерт афилармониаҿ акәымкәа аконсерваториаҿ ишымҩаԥысуаз, азал кәапеишәа ишҭәыз.

"Аконцерт ашьҭахь ауаа ааины иҳадныҳәалон, ҭабуп ҳәа ахырҳәаауан ҳақәгыларазы. Ԥхьаҟатәи ҳкультуратә еимадарақәа рырӷәӷәаразы ҳаиҭанарыԥхьон", — ҳәа еиҭалҳәоит Шамԥҳа.

Аконцерт ҩ-хәҭакны имҩаԥысуан. Аконцерттә программа шьақәгылан Жак Диуфли, Франсуа Дандрие, Франц Шуберт, Фредерик Шопен, Иоган Бах, Нодар Ҷанба ркомпозициақәеи аԥсуа классикатә музыкеи рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0