Аԥсны аҳәынҭстандарт: ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акрыфарачара проблеман иҟоуп

© Sputnik / Сария Кварацхелия Школьные столовые
Школьные столовые - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаҭабзиара Адунеизегьтәи амш азы Аԥсны астандартқәеи, аенергетикеи, атехникатә хылаԥшреи рҳы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Гарри Саманба Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашколқәеи ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи рҟны аусбарҭа имҩаԥнаго аусура атәы.

АҞӘА, абҵара 9– Sputnik. Ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акрыфарачара проблеман иҟоуп, иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны астандартқәеи, аенергетикеи, атехникатә хылаԥшреи рҳы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Гарри Саманба.

"Абарҭ амшқәа рзы имҩаԥысуан Тҟәарчали Тҟәарчал араиони рҟны аинспектортә гәаҭарақәа. Ақалақь аҩныҵҟа ахәыҷбаҳчақәа ҩба гәаҭан. Агәаҭара иаанарԥшит афатә аалыҵ ахаҭабзиара ишахәҭоу ишыҟам", — иҳәеит иара.

Аԥсны астандартқәеи, аенергетикеи, атехникатә хылаԥшреи рҳы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы иҳәеит ахәыҷқәа рыкрыфарачараҿ амаргарин, апальматә хәша уҳәа егьырҭ ахәшақәагьы аламзароуп ҳәа.

"Ҳара уажәы Аԥсны араионқәа зегьы рҿы агәаҭарақәа мҩаԥаагалоит. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа аҭагылазаашьа еиҳа иҭышәынтәалоуп", — иҳәеит Саманба.

Аҳәынҭстандарт ахантәаҩы иҳәеит аусбарҭа иалшо зегь шыҟанаҵало ахәыҷқәа ирԥырхагамкәа рыкрыфара аиҿкаара аиурц.

Ажәабжьқәа зегьы
0