"Шәымҩа ԥшӡахааит": ҳшабошәа ҳалацәажәоит ҳбызшәа

© Sputnik / Томас ТхайцукОсень в Абхазии
Осень в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳхатәы бызшәа иамоу адоуҳатә мчы аԥсуаа ҳаиднакылоит, иҟәаандоу ацәаныррақәа ҳабжьанаҵоит иарала ҳанеицәажәо. Ус шакәу агәра ҳдыргоит аҿырԥштәқәа жәпакы. Уи хаҭала иԥылшәахьеит Sputnik аколумнист Cаида Жьиԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

— Атакси шәҭахызар, — ҳәа ибжьы ҳақәиргеит ԥсыуа ҷкәынк, Ԥсоу аҳәаа саҳәшьеи сареи ҳанаахыҵ.

— Мап, иҭабуп, — ҳәа аҭак анисҭа, "шәызхаҭабузеи, шәымҩа ԥшӡахааит", — иҳәан днаҳхаҵгылеит.

Хаџьараҭ Ҳашымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьараҭ Ҳашымба: ажәлар рдоуҳатә культураҿы ихадароу акоуп абызшәа

Убри аамҭазы гәырӷьара дук самҽханакит. Сгәы ацха еиԥш ихааӡа иқәлеит арԥыс иажәақәеи, ихымҩаԥгашьеи. "Ҳазшаз днаигӡааит" — лҳәан саҳәшьагьы, џьашьатәыс илзыҟалеит. Нас ихаҿсахьала дылгәалашәеит, "ари д-Мгәыӡырхәатәиуп, д-Ԥкьынуп", — ҳәа нацылҵеит.

Машьынала ҳаҟамызҭгьы, хымԥада, ҳицны ҳцон. Егьа ибыз ирхааргьы, урысшәала ҳаицәажәазҭгьы, абас еиԥш ҳгәы иахәарызу?! Хымԥада мап!

Амҩа ҳахьынӡықәыз, убри акәын ҳәатәыс иҳамаз. Ухатәы бызшәа ацаԥха иаҩызоуп. Иахәҭоу ажәақәа уԥшаар, иарбан гәу иааумыртуа.

Уажәааигәа, уск аҵыхәала Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба иҟны снеит. Уахь амҩа сықәлаанӡа, "Саида, ацәажәашьа бҽақәыршәа, маҷк дыџьбароуп", — ҳәа сазҳәақәаз ҟалеит.

— Мшыбзиа ҳәа ашә сасны саныныҩнала, "бзиала шәаабеит, шәаазгеи, сабашәыхәо", — ҳәа дысхаҵгылеит иара.

Ҽнак иалагӡаны сусқәа ӡбан. Абар ассир, ҩаԥхьа аԥсшәа аус ауит.

— Мшыбзиа, шәыцхыраара сҭахуп ҳәа слыдгылахьан Гагра араион аӡбарҭа ахантәаҩы Мери Мықәԥҳа. "Исылшо аҟны мап бцәыскуам", — ҳәа сазҳәаз аԥсуа ԥҳәыс, иахьагьы лҿабызшәеи, исзаалырԥшыз адгылареи схашҭуам.

Аԥсшәа аус ауеит есымша, иахьабалак. Ухатәы бызшәа ушьҭнахуеит, уагьарԥхашьоит.

Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Акурорттә сезони аԥсуареи

Сҩыза Мадина Ҭарԥҳа, аџьармыкьаҟны ауҭраҭых аалхәарц даннеи, изҭиуаз хаҵеи ԥҳәыси дшаԥсыуаз лхаҿсахьала ирзеилымкаазт, "ари аурыс, ҵаҟа иаҵоу, абаақәагьы адкыланы илаҳҭап" рҳәазаап.

— Саҭамыз, сара саԥсыуоуп, аха иҟалома, стәымуаҩызаргьы, абас еиԥш тәамбашақә ахымҩаԥгара?!

— Ҽааны ҳамбааит, ҳажәымҭыҽха ҳхы иақәҳнаргазеи?!

Аԥсшәа иабжьаз хаҵеи ԥҳәыси, уи нахыс Мадина данырбоз рхы рзышьҭхуамызт.

Иахьатәи ҳаилазаараҟны аԥыжәара амоуп аурыс бызшәа, уи аӡәгьы изы имаӡаӡам. Сара акырынтә сазхәыцхьеит, атәым бызшәала ҳахьеицәажәо акәзар, аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳмилаҭ рыбжьара аимак-аиҿак, агәынамӡарақәа зырацәахаз ҳәа…

Аԥсшәа аус ауеит, уи ҵабыргуп. Ҳхатәы бызшәала ҳанеицәажәо, гәалак ҳабжьазаргьы ҳгәы хьаԥсуеит, абзиарамҩахь ҳкылнагоит. Игәасҭаз даҽакгьы. Ҳтәыла аҳәаа ҳанахыслак, иҳахо иалагоит ҳхатәы бызшәахь. Шаҟаҩы ҳаицызаалакгьы, аԥсшәа здыруа ҳшабошәа ҳалацәажәоит. Нас ҳаԥсадгьыл аҟны ҳаныҟоу иҳахьи?!

Хаҭала сара, иахьанахыс иԥысшәо салагоит аԥсшәа здыруа иҟны урыс ажәак мҳәаӡо, иаргьы атәым бызшәала дсацәажәар аҭак имҭо ҳахькылнаго.

Ажәабжьқәа зегьы
0