Ҳаџьараҭ Ҳашымба: ажәлар рдоуҳатә культураҿы ихадароу акоуп абызшәа

© Фото : Ҳ. Ҳашымба иархив аҟынтәХаџьараҭ Ҳашымба
Хаџьараҭ Ҳашымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афилолог, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы қәыԥш Ҳашымба Ҳаџьараҭ дрылацәажәеит изанааҭ иацу ауадаҩрақәеи иахьа аҿар рыҩныҵҟа абызшәа иамоу ахархәареи. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.

- Арҵаҩратә ԥышәа ҳалацәажәаанӡа иҳауҳәар сҭахын ари азанааҭахь уааира шыҟалаз…

— Зегьы раԥхьа исыргылоит ашкол аҟны ишьҭыскааз абызшәеи алитературеи ргәыбылра. Ари сырҵаҩцәа исырҭоз адырра есааира еизырҳауа, ашкол алгара аамҭа анааи даараӡа сазхәыцны иҟасҵаз шьаҿоуп. Сара издыруан ҳара ҳажәлар ижәытәӡатәиу ахылҵшьҭрақәа шрымаз, убри аҟнытә исҭаххеит ҳбызшәа аҭоурых иҵегьы инарҭбааны исҵарц, сҽагәыласхаларц. Иагьалысхит афилологиатә факультет, аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша.

Наала Мукба - Sputnik Аҧсны
Наала Мықәԥҳа: аԥсуа бызшәа иҵауланы аҵара алаӷырӡи агәырӷьареи сзацын

- Астуденттә ԥсҭазаара аҟнытә арҵаҩратә ԥсҭазаарахь аиасра иарбан уадаҩрақәаз иацыз, мамзаргьы урҭ зынӡагьы иуԥымло?

— Унапы злаукуа иарбан усзаалак гәык-ԥсыкала азнеира аҭахуп, нас наҟ-наҟ иуқәманшәалахарц уҭахызар. Ҳәарада, азныказы имариаӡам, аха иуԥыло ауадаҩрақәа зегьы қәнагала рҭыԥ иузықәҵоит, азанааҭ иахәҭоу аган ала уаназнеи. Иҟоуп ауадаҩрақәа астудентреи арҵаҩреи реилагӡараҿгьы, аха теориала иҳарҳаз адырра апрактикаҿы ахархәашьа ҳамҵар, ԥсыхәа ҳамаӡам. Уи ада атеориа зегьы ҵакыдахоит.

Арҵаҩраҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа аныҟасҵоз ахԥатәи акурс асыркуан, иахьыҟасҵазгьы Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи 1-тәи ашкол аҿы ауп. Аԥхьа азанааҭ ашьцылара мариамызт, аха аколлектив ибзианы ҳрыдыркылеит, аԥышәа змаз арҵаҩцәа ҳусураҿы ҳамҩақәызҵашаз абжьгарақәа маҷымкәа иҳарҭо иалагеит. Иаҳҳәап, тематикала аурокқәа рышьақәыргылараҿы, аҵаҩцәа рахь азнеишьа аԥшаараҿы уҳәа. Сара урҭқәа зегьы иахьынӡауаз ала инарҵауланы ишьҭыскаауан, сусура ахаҭаҿгьы ахархәара рысҭон.

- Лымкаала ақалақь школқәа рҿы иарбан уадаҩрақәоу арҵаҩы қәыԥш иԥыло?

— Абызшәа. Акласс аҿы зегьы инеибеиԥшны рхатәы бызшәа анырзымдыруаз аҭагылазаашьақәа ҟалалон. Убри аҟнытә зыбызшәа маҷк иԥсыҽу аҵаҩы атема изнагашьа иақәшәатәын. Арҵаҩы ианакәзаалак иалкаау методикак дықәныҟәалар ихәҭоуп. Аҵара еиҳа еиӷьны изылшо мацара аус идуланы, еиҳа иԥсыҽу дуамхагәыгәҭажьыр, хымԥада аҵара игәы ахуршәоит. Убригьы адыррақәа ргьама иркны, маҷ-маҷ аус идулалатәуп. Убраҟагьы ишсылшоз ала сҽазԥысшәеит ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа дырҵара.

Ада Кварчелия - Sputnik Аҧсны
Кәарҷелиаԥҳа: ҳапроектқәа рҳәаақәа ҭбаауп, шьаҭасгьы ирымоу абызшәа арҿиароуп

- Аҵыхәтәантәи аамҭазы акьыԥхь аҿы акәыз, ателехәаԥшраҿы акәыз, ҳааҟәымҵӡакәа ҳбызшәа зҭагыло ашәарҭара ҳалацәажәоит. Угәанала, иабанӡашәарҭоу ҳбызшәа аҭагылазаашьаа, мамзаргьы мыцхәы еихаргыла-еиҵаргыланы ҳалацәажәо?

— Ихадоу ажәлар рдоуҳатә культурақәа иреиуоуп абызшәа. Ажәлар рбызшәа ахархәара анарымҭо адунеи раныӡаара ашәарҭара цәырҵуеит. Иахьа ҳбызшәала ацәажәаразы иаҳԥырхаго мчы ыҟаӡам. Аконституциаҿгьы иануп аԥсуа бызшәа ишҳәынҭқарратә бызшәоу. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа инадыркны ақыҭа ахадара аҟынӡа русура шьаҭас иамазарц ахәҭоуп аԥсшәа. Уи ауадаҩрақәа рацәаӡаны изцу зҵаароуп, аха зегь акоуп, знымзар-зны уахь ҳамнеир залшаӡом.

Иахьа Аԥсны ахи-аҵыхәеи уналс-аалсыр игәаумҭар залшом еиуеиԥшым анҩыларақәа шамахамзар иаԥсышәаны ишыҟам. Ииашоуп, иаҳҭаауа асасцәа рзы уи еиҳа иманшәалоуп, аха ганкахьалагьы урҭ атәым ҳәынҭқарраҿы ишыҟоу анырра роуратәы аҭагылазаашьа аԥаҳҵалар ҳахәҭоуп. Убри аҟнытә ҳанҩыларақәа зегьы хадаратәла аԥсышәала иҟаҳҵалароуп, анаҩс досу азин имоуп егьырҭ абызшәақәа рылагьы аваҩра.

Абызшәа иамоу ауадаҩрақәа ачымазара еиԥшуп. Ауаҩы ицәа иалашәаз ачымазара иахьа иумхәышәтәыр, уаҵәы уи амҽхак еиҳагьы иҭбаахоит, хәыҷы-хәыҷла уи дашьыргьы алшоит. Убри аҟнытә "ахәышәтәра" еснагь заа иалагалатәуп.

- Зны зынла иҟамлалаӡо убри аиԥш угәы казыжьуа аҭагылазаашьақәа, ҳбызшәа "заа ахәышәтәра" уажәшьҭа алшара ыҟам ҳәа угәы ианаанаго?

— Ҳашколқәа санрывсуа, ма ус баша аҿар ахьеицәажәо аԥсшәа анысмаҳауа, ҳәарада акырӡа сгәы снархьуеит. Иахьатәи ҳабиԥара аԥсшәа ахархәара ҳзамҭар, анаҩстәи абиԥара уи зынӡагьы ирзыҟаҵаӡом. Ауаҩԥсы диины адәы данықәла нахыс иаҳауа абызшәоуп игәнакыло, ииҵо. Ҭаацәашәалатәи абызшәа ахархәара акырӡа аҵанакуеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Аха аҩнаҭатә ааӡара инаваргыланы ателехәаԥшрагьы алагала дузароуп. Ииашоуп, аус ахаҭа уанаҿу еиҳа иубарҭоуп, сара уи ахҳәаа азыҟаҵара азин сымамзар ҟалап, аха атәым ҿырԥштәқәа ааганы реиҭагара мацара азымхозшәа, рацәак ииашамызшәа сгәы иабоит. Иҳамазар бзиан аԥсуа цәаҩа зхоу еиуеиԥшым ахәыҷтәы дырраҭарақәа. Атәым иагьа иқәуҵаргьы, иқәухыргьы — зегь акоуп иштәыму инхоит. Абжьгьы бжьуп, аха асахьагьы аԥсуатәра ҳашьҭазароуп. Избанзар неиҩымсрада аус здаҳулаша, ҳара мацара иаҳтәу аматериал ҳамоуп. Ҳхатәы ҳара заҟа ҳазхьаԥшуа, убри аҟара ҳхаҭа ҳарԥшӡоит, ҳарманшәалоит.

Аминистрцәа реилазаара ахыбра - Sputnik Аҧсны
Ачынуаа ахәынҭқарратә бызшәа дырҵаразы аԥҟара рыдыркылеит аиҳабыраҿ

- Ҳаџьараҭ, урҵаҩратә ԥсҭазаара сазыхынҳәуа, еилыскаар сҭахын раԥхьатәи аурокқәа анымҩаԥугоз аҵаҩцәа ушрыдыркылаз?

— Арҵаҩы аурокқәа мҩаԥигарц ашкол аҿы даннеиуа имазароуп ахықәкы — ирҳаз адырра абиԥара ҿыц рызнагара, ишахәҭоу игәныркылартә аҭагылазаашьа аԥҵара. Апрограмма иану атемақәа рыдагьы урҭ хазырҭәааша, аҵаҩы игәалашәараҿы инзыжьша аҿырԥштәқәа ирзааҭгылалатәуп. Лабҿабатәи аметод арҵаҩы иусураҿы мҩақәҵагак аҳасабала ихәарҭа дууп. Насгьы уусура иазыԥҵәоу аамҭа инаҷыданы ухы аус адумулар, уҵаҩцәа аус рыдумулар — уманшәалахаӡом, узанааҭаҿы улҵшәадахоит. Иаҳҳәап, аҵаҩцәа ирызцәырҵуеит аурок иадҳәалоу еиԥш иадҳәалам азҵаарақәагьы. Убарҭ зегьы рҭакқәа ԥшаалатәуп.

- Ашкол аҿы уара алитературагьы аграмматикагьы мҩаԥугоит. Иаҳҳәар ҳалшоит аграмматика еиҳа идгьылтәуп, алитература акәзар еиҳа ижәҩантәуп ҳәа. Излаулшои урҭ рыҩбагьы реилагӡара, насгьы иарбану уара еиҳа иузааигәоу?

— Аграмматика ари теориоуп. Араҟа ихыҭхәыцаау акгьы ҳамаӡам, ҭҵаарадыррала аҵарауаа ишьақәдыргылаз адырра ауп. Уи адырра аҵаҩы ианизнауго иалкаау аԥҟарра уқәныҟәоит, уи аҳәаақәа рҭысра азин умаӡам. Алитература уи аганахьала еиҳа аҳәаақәа ҭбаауп. Алитература ахаҭа ажәлар рырҿиамҭа ауп уасхырс иазышьҭоу. Убри аҟнытә исахьарку ажәа аҵаҩы ианизнауго афольклори алитературеи реиҿырԥшра ухы иаурхәар ҟалоит. Ииашоуп, арҿиаҩы иҩымҭаҿы иааирԥшуа иара исубиективтә хәаԥшыра ауп, аха зегьакоуп, уаҟагьы ажәлар рдоуҳа анымԥшырц залшаӡом.

Арҵаҩы арҭ амаҭәарқәа ашкол аҿы ианымҩаԥиго рыҩбагьы еиҟараны рдырра ирҵаҩратә занааҭ иднаҵоит. Аха адырра адагьы иҟоуп урҭ руакы арҵаҩы еиҳа ианизааигәоу. Хаҭала саргьы алитература еиҳа сазкын.

- Исҭахуп уазааҭгылар ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ҳбызшәаҿы иҟарҵо анырра. Угәанала урҭ ҳбызшәеи ҳлитературеи рыҿиарамҩа ишԥаныԥши, насгьы иабанӡаҳараку урҭ рлагала?

— Адунеи иҳаднагало аҿыцрақәа рыдымкылара ауӡом, уи иԥсабаратәу цәаҩоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аха уи аангьы иҽеим аган ала иахьаҳнырызгьы ыҟоуп, ҳәарада. Избан акәзар ҳара ҳахдырра, ҳаамҭа рацәаны аинтернет иатәнатәит. Аха аҭагылазаашьа убас иаԥҵатәуп иаҳԥырхагоуп ҳәа ззаҳҳәа ҳара иҳахәаратәы. Иахьагьы ҳалагахьеит аинтернет хархәагақәа аԥсышәала рырцәажәара. Аха макьана ирацәоуп иҟаҵатәу.

Рҵаҩык иаҳасаб ала аурок анымҩаԥызго саргьы сҽазысшәоит сызлацәажәо атема аинтерес аҵаҩцәагьы дыркра, ашкол анҭыҵгьы уи азааҭгылара агәахәара роурц азы. Аҵаҩы аинтерес иркра сылшар, иреиҳау схықәкы насыгӡеит ауп иаанаго.

Ажәабжьқәа зегьы
0