Аԥснытәи ашьапылампылтә команда адлертәи ахәмаррақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ агеит

© Фото : Миранда ШонияКоманда по футболу сухумской ДЮСШ №1 на турнире по футболу в честь мастер спорта СССР международного класса Андрея Канчельскиса. Адлер, 5-11 ноября
Команда по футболу сухумской ДЮСШ №1 на турнире по футболу в честь мастер спорта СССР международного класса Андрея Канчельскиса. Адлер, 5-11 ноября - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
СССР аспорт азҟаза, жәларбжьаратәи акласс азыҟаҵаҩ Андреи Канчельскис игәалашәара иазкыз атурнир мҩаԥысит Адлер, абҵара 5 - 11 рзы.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи ахәыҷтәы спорттә школ №1 ашьапылампылтә команда атурнир иалахәын ҳәа ааицҳаит Sputnik ахь акоманда атренер Владимир Абодин.

© Фото : Кубок КанчельскисаАԥснытәи ашьапылампылтә команда адлертәи ахәмаррақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ агеит
Команда по футболу сухумской ДЮСШ №1 на турнире по футболу в честь мастер спорта СССР международного класса Андрея Канчельскиса. Адлер, 5-11 ноября - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ашьапылампылтә команда адлертәи ахәмаррақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ агеит

"Атурнир шықәсыла х-категориакны еихшан – 2007, 2008, 2011 шықәсқәа рзы ииз. Ҳкоманда алахәын 2011 шықәса рзы ииз ркатегориа. Аҩбатәи аҭыԥ наҳкылеит. Зынӡа хәы-хәмаррак мҩаԥган", — иҳәеит Абодин.

Азыҟаҵаҩ иҳәеит ахәмаррақәа рылҵшәақәа агәахәара ширҭо. Акоманда алахәыла Кан Хапат "Иреиӷьу ажәылаҩ" ҳәа ахьӡ ихҵан.

СССР аспорт азҟаза, жәларбжьаратәи акласс азыҟаҵаҩ Андреи Канчельскис игәалашәара иазкыз атурнир иалахәын акомандақәа фба. Атурнир мҩаԥысит Адлер, абҵара 5 — 11 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0