Акинофестиваль "Кунаки" апрезидент Сулиета Кусова лыԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Амра АмичбаСулиета Кусова
Сулиета Кусова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сулиета Кусова – акультуролог, Урыстәылатәи АИХқәеи Ажурналистцәа Реидгылеи аҿы аетноконфессионалтә ҭҵаарақәа р-Центр адиректор, акинофестиваль "Кунаки" апрезидент.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Урыстәылатәи АИХқәеи Ажурналистцәа Реидгылеи аҿы аетноконфессионалтә ҭҵаарақәа р-Центр адиректор, акинофестиваль "Кунаки" апрезидент, акультуролог Сулиета Кусова лыԥсҭазаара далҵит Махачкала, абҵара 12 рзы ҳәа Sputnik иазааицҳати акинофестиваль "Кунаки" адиректор Илиас Богатырев.

"Сулиета иацоуп афестиваль аркра ацеремониа анымҩаԥылга, алахәылацәа аныныскьалга. Иахьа ашьыжь лыԥсҭазаара далҵит. Афестиваль хыркәшахаанӡа илычҳазшәоуп ишыҟалаз лынарцәмҩа лықәлара", — иҳәеит иара.

Богатырев иажәақәа рыла ари аԥсӡы макьана адкылара уадаҩуп ауаа рзы.

"Ҳара ҳзы ари цәыӡ дууп. Лара зегьы дрыхьӡон. Лыда аус шымҩаагашагьы ҳаздырам. Иаалырҟьаны абас ҳаанлыжьит. Лҭыԥгьы харҭәаашьак амамкәа иаанхоит. Уажәы ҳара Махачкала ҳаҟоуп. Иаҳҭахуп лыԥсадгьыл ахь, Адыгатәылаҟа анышә ламадаразы лгара", — иҳәеит акинофестиваль "Кунаки" адиректор.

Сулиета Кусова – акультуролог, Урыстәылатәи АИХқәеи Ажурналистцәа Реидгылеи аҿы аетноконфессионалтә ҭҵаарақәа р-Центр адиректор, акинофестиваль "Кунаки" апрезидент, еиуеиԥшымыз апроектқәа лнапы рылакын.

Акинои ателехәаԥшреи рыцхыраарала ирылылырҵәон Кавказ ажәларқәа ркультура, рҵас, рқьабз.

Ажәабжьқәа зегьы
0