Басариа акриптофермақәа рзы: афымцатә ҳақәа анырра ду рнаҭоит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСувенирные монеты с логотипами криптовалют Bitcoin, Litecoin и Ethereum.
Сувенирные монеты с логотипами криптовалют Bitcoin, Litecoin и Ethereum. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариеи еиԥылеит ԥхынҷкәын 4 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Маининг азы афермақәа афымцатә ҳақәа анырра ӷәӷәа рырҭоит иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа атәыла ахада даниԥылоз.

Инал Лазба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лазба: афымца ахархәаразы аԥара аизгара ауадаҩрақәа ацуп

"Арҭ афермақәа иара усгьы аидара хьанҭа иаҵоу афымцатә ҳақәа анырра ӷәӷәа рырҭоит. Иҟоуп ашәарҭара аӡынра ааигәахар. Ахьҭақәа ҟалар афымцахархәаҩ иҟынӡа аԥхарра ҳазнамгар ҳәа", - иҳәеит Басариа.

Аслан Басариа афымцалашара азы игәаанагара атәы шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>>

Аслан Басариа дақәгәыӷуеит абри аусхк аҭышәныртәалара алзыршо азиндырратә документ ҟалап ҳәа. Атәыла ахада иакәзаргьы иазгәеиҭеит акриптавалиута амаининг аенергосистема аҭагылазаашьа ауадаҩрақәа азцәырнагоит ҳәа.

"Изакәанымкәа афымцамч ахархәара атәы ҳалацәажәараны ҳаҟоуп", - иҳәеит атәыла ахада.

Аиԥылараҿ атәыла ахада дазҵааит Аинвестпрограммала "Амшынеиқәафымцамч" имҩаԥнагаз аусурақәа ртәы.

"2015 шықәса рзы шәара шәнапынҵала Аинвестпрограмма аҳәаақәа ҳрыҵаркит. Иаҳзоужьхоз аԥара 730 миллион ҳәа ишьақәыргылан. Иазыԥхьагәаҳҭаз ауснагӡатәқәа зегьы наҳагӡеит. Арахь иаҵанакит: 220, 110 киловольт иҟоу астанциаҟәшақәа быжьба рҿы амыругақәа рыԥсахра; Гагра 1 шьаҭанкыла аиҭаԥсахра, иуҳәар ауеит аҿыцыргылара ҳәа", - иҳәеит Аслан Басариа.

Аихшаратә ҳақәа ракәзар араионқәа быжьба рҟынтәи хәба рҿы ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥган 2018 шықәса рҟынӡа иҳәеит иара.

"Аҵыхәтәантәи инагӡатәны иҟоу- атехника аахәароуп. Арҭ апроцессқәа рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара иазхархиеит иҟаҵо ауснагӡатәқәа ркаталог, ахәԥсақәа, ацифрақәа, афотоматериалқәа ацҵаны", - иҳәеит Басариа.

2018 шықәса рыҩныҵҟа 220 киловольт иҟоу 18 трансформатор аремонт рызууп. Уи адагьы аҵыхәтәантәи ажәымз рыҩныҵҟа "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа ирыԥсахит шә-километрак рҟынӡа афымцатә ҳақәа.

Энергетические объекты. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Атәыла Ахада афымцалашара апроблема ӡбатәуп иҳәеит

"Ҳәарада есыҽны иҟаҵатәу аремонтқәа мҩаԥаагоит, атрасса ҳрыцқьоит, сынтәа 500 километра инарзынаԥшуа иаҳрыцқьахьеит", - иҳәоит Басариа.

Аслан Басариа иажәақәа рыла АУН аӡынтәи аамҭа ишалшоз ала аҽазыҟанаҵеит.

Рауль Ҳаџьымба иара убасгьы дазҵааит ИгрыГЕС иҟоу аҭагылазаашьа.

"Ари азҵаара шәареи ҳареи ҳалацәажәахьеит. Ахылаԥшра ӷәӷәа аҭахуп. Сара ибзианы еилыскаауеит аӡынра шыҟало ишахьыԥшхо аҭагылазаашьа. Ҳгәыӷып еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа уи аҭышәныртәалара алдыршап ҳәа", - иҳәоит Ҳаџьымба.

Аслан Басариа атәыла ахада изеиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭазы Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 486 метра ишыҟоу. Аӡааира акәзар – 70 куб. шыҟоу.

"Арҭ арбагақәа цәгьаӡам, аха аӡынразы ҳхы иаҳархәо афымцамч ахышәа-ҵышәеи уи аекономиа шазаауеи иадҳәалоуп. Аҳауатә ҭагылазаашьа шыҟалашагь еилкаам", - иҳәеит иара.

Иаҭахны иҟалозар "Амшынеиқәафымцамч" атәыла ахадеи аиҳабыреи рыцхыраара иақәгәыӷуеит Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭразы иҳәеит Аслан Басариа.

Ажәабжьқәа зегьы
0