Афонд "Аԥсны" аинвалидцәа Рхеилак хылаԥшра знаҭо ауаа ацхыраара рнаҭеит

© Sputnik Передача инвалидных колясок
Передача инвалидных колясок - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аинвалидцәа Рхеилак хылаԥшра знаҭо 9 нызқь евро рыхәԥса рырныҟәага (коляска- аред.) ҿыцқәа рзаахәоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Афонд "Аԥсны" аинвалидцәа Рхеилак хылаԥшра знаҭо ауаа рзы рырныҟәага ҿыцқәа рзеихыршеит.

Пресс-конференция ко Дню борьбы за права инвалидов - Sputnik Аҧсны
Алхас Ҭҳагәышь: Аԥсны иҟоу ахамыхәацәа ирзымхо рацәоуп

Аинвалидцәа рзы рырныҟәагақәа аахәоуп Аԥсны инхо Швеицариа атәылауаҩ Манфред Петрич ихарџь ала. Амеценат "Инва-содействие" ахантәаҩы Алхас Тхагушев иҟынтәи иаҳаит зылшарақәа ԥку ауаа рыпроблемақәа ртәы, иагьиӡбеит дрыцхраарц.

"Алхас Тхагушев исзеиҭеиҳәеит Аԥсны ишыҟоу имаҷымкәа аинвалидцәа рырныҟәагақәа ззыхәарҭахо ауаа. Сара исыӡбеит исылшо ала ацхыраара ҟасҵарц. 16 цыра европантәи иаагеит", - ҳәа иҳәоит Манфред Петрич.

Аилак "Инва-содействие" ахантәаҩы Алхас Тхагушев иазгәеиҭеит ҳинвалидцәа шамахамзар адәахьы изумбо рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра ахьыуадаҩу ауп ҳәа.

"20 шықәса инарзынаԥшуа асистема ҟазшьа змоу аҳәынҭқарратә цхыраара ҳамам. Аха Манфред еиԥш иҟоу ауаа рымч ала зылшара ԥку ауаа аинфалидцәа рырныҟәагақәа рзааҳхәоит. Аинвалидцәа адәахьы ианырымбо урҭ ыҟам џьыршьоит, арахь дара алшара рымам адәахьы идәылҵны иҳалагыларц", - иҳәоит Тхагушев.

Амеценат Манфред Петрич иҳамҭақәа уи ада ԥсыхәа змамыз ауаа ирзыршеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0