Аныҳәатә еишәа аҟнытәи ҳәамҭақәак

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазский фестиваль "Апсны"
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баслахә ақыҭа ахьӡ ахьынтәаауеи, ахәқәа Лашькьындар, Нарҷхьоу, Паҭрахәыҵа ирыхҳәаау аҳәамҭақәеи Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ашықәс ҿыц уанҭалалак, уи иузаанаго абзиарақәа иреиуоуп аиуацәа, аигәыцхәцәа реиҭанеиааира. Улахҿыхӡа, аныҳәатә гәалаҟазаара уманы аишәа уанадтәалоу, аиҳабацәа ажәеи ажәеи еихҳәаауа аныҳәаҿақәеи азеиӷьшьарақәеи ирхашәаланы ирызгәамҭаӡакәа иаацәырыргоит ажәытә ажәабжьқәакгьы.

Убас ааскьа ҳаҩнаҭа иаҭааз асас дахьцәа аишәаҿы иахьтәаз рцәажәара ахы ахьхаз ала еилыскааит, аинтерес зҵоу ҳәамҭак шаацәырыргауа. Ақыҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи ирылацәажәо ишааиуаз, еиҭаҳәо рҿынархеит ақыҭа Баслахә ахьӡ ахьынтәаауа ҳәа ираҳахьаз ҳәамҭак. Ари са исаҩсыжьуазма?! Ааигәа сызҭаз Баслахә аӡбахә анаасаҳа, иаразнакы акҿаҩраҿы сусқәа зегь насхаршҭны, сыԥси – сыԥси еихьымӡо сҭел наҿаскын, рыбжьы ҭазҩырц иахьтәаз аишәаҿы ашьшьыҳәа инықәысҵеит, уи алагьы "ҩ – жьак скит".

Ақыҭа Баслахә ахьӡ ахьынтәаауа

Аԥсны Жәлар Реизара абызшәатә политикеи адемографиеи реилак ахада Валери Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Кәарҷиа: аҭыԥхьыӡқәа баҟак аҳасаб ала аҳәынҭқарра иахьчалар ауп

"Ажәытәӡа зны Аԥсны хьӡи-ԥшеи змаз аҳ дыҟан. Изларҳәо ала, уи Берзыхә ихьӡын. Аҳ амаҵуҩцәа рацәаҩны иман, аха даазқәылаз имаҵуҩцәа рӡо иалагеит. Ари зныкымхеит, ари ҩынтәымхеит. Игәы анкыдгылаӡа, иуаажәлар ааизганы иаҳҭынра аӷьычцәа зҭамларц абаа акәдыршарц рыдиҵеит. Идыргылаз абаа аҩнуҵҟа иуаажәлари иареи ҭан. Аха аамҭа ԥыҭк анҵы абаа иамкуа ианалага, аҳ абаа иаҿыганы ауаа захымсратәы ажра ҟаиҵан, ажра зкәыршаз адгьыл аҿы иуаажәлар нирхеит. Ишнеи-шнеиуаз ақыҭа шьақәгылеит, уи ақыҭа аҳ Берзыхә ихьӡ ахылт. Аха аамҭа рацәа анбжьыс Баслахә ҳәа аҽеиҭанакит".

Анаҩс, аҭыԥхьыӡқәа ртема иацҵо иааргәалашәеит Аԥсны ақалақьқәа ируаку ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал иахагылоу ахәқәа ирыхҳәаауп аҳәамҭа.

Ахәқәа Лашькьындар, Нарҷхьоу, Паҭрахәыҵа

"Лашькьындар, Нарҷхьоу, Паҭрахәыҵа анык илхылҵыз хҩеишьцәа ракәын. Х-хәык рхакәцәан иқәынхон. Актәи ахәаҿы инхоз аиашьа аиҳабы Лашькьындар ихьӡын, анаҩстәи ахәаҿы инхоз агәыбжьанытә –Нарҷхьоу, аиҵабӡа – Паҭрахәыҵа.

Сурам Сакания - Sputnik Аҧсны
Арадио
Сақаниа Лашькьындар аныҳәарҭа иазкны: лашьҭраӡам, цгәышьҭроуп

Аишьцәа хазы-хазы ишынхозгьы хҭак еицҭадыршәуан, акрыфара ҳәа аиашьа аиҳабы Лашькьындар иҿы еизалон. Ианаашалак Лашькьындар ахәы днықәгылан Нарҷхьоу изҿиҭуан, нас егьи Паҭрахәыҵа изҿиҭуан. Зны ишыҟарҵалац еиԥш еигәныҩт, аха аиҵабы аҭак ҟаимҵеит. Иқәҿырҭит, иқәҿырҭит, Паҭрахәыҵа ҿиҭуам.

Убысҟан Нарҷхьоу дааибакын чуан дук иаҟараз ахаҳә аашьҭихын Паҭрахәыҵа иашҭа иҭаижьт. Ацәа иалахаз Паҭрахәыҵагьы иаразнак даанарԥшит.

Ишырҳәо ала, абарҭ аишьцәа ирыхҟьаны арҭ ахәқәа Лашькьындар, Нарҷхьоу, Паҭрахәыҵа рыхьӡхалеит. Иахьа уажәраанӡагьы ус иҟоуп".

Хаҭала арҭ аҳаракырақәа рахьтә аԥсуаа ҳҟны еиҷаҳауан Лашькьындар, уи ныха ҭыԥын, аҭыԥ цқьа ҳәа иршьон.

Абызшәадырҩы В. А. Кәарҷиа излаиҩуала, аԥсуаа агәра ганы иҟан абри Лашькьындар ашьха акәцәан абиблиатә Нои иӷба аԥҽыхақәа ықәуп ҳәа. Аҵарауаҩ Г. Ф. Чурсин иазгәаиҭон, Лашькьындар ашьхахьы ус аламала аӡәы снеиуеит ҳәа далагар ауамызт, адыд – мацәыс исуан, аҳәса халар ҟаломызт.

Иара убасгьы иҟоуп даҽа гәаанагаракгьы, Лашькындар ашьха алақәа рынцәахәы, рхылаԥшхәы "Алышькьынтыр" ихьӡ иадҳәалоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0