Гагра ақалақь аҿы амцакра иахҟьаны аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит

© Фото : Facebook/МЧС АбхазииВозгорание в доме на улице 16 Марта в Гагре
Возгорание в доме на улице 16 Марта в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 9 асааҭ 9:36 рзы Март 16 амҩаҿ аҩны амца акит. Аҭыԥ ахь инеиит амцарцәаҩцәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ахаша, ажьырныҳәа 9 рзы Гагра ақалақь аҿы аҩны амцакраан аԥҳәыс бырг дҭахеит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҟынтәи.

"Амҿтәы ҩны амца акит, иаразнакгьы еимҽханакит. Аҩны далаблит аԥҳәыс бырг. Лара аиарҭа даман", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Амцакра зыхҟьаз макьаназ ишьақәыргылам. Аԥсны АҶА еиҭарҳәеит ареспубликаҿы амцакратә ҭагылазаашьа уадаҩ шыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0