Лыԥсҭазаара далҵит апедиатр Цицина Барганџьиаԥҳа

© Фото : предоставлено Министерством здравоохранения АбхазииЛыԥсҭазаара далҵит апедиатр Цицина Барганџьиаԥҳа
Лыԥсҭазаара далҵит апедиатр Цицина Барганџьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цицина Барганџьиаԥҳа – ареспублика зҽаԥсазтәыз аҳақьым, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ҩынтә раан адепутат, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет алахәыла.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспублика зҽаԥсазтәыз аҳақьым, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ҩынтә раан адепутатс иҟаз, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет алахәыла Цицина Барганџьиаԥҳа 86 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәа 16 рзы.

Ануа аҳақьым Цицина Барганџьиа лзы: аҵара анаҩсгьы лыуаҩра ҳаракын

Цицина Барганџьиаԥҳа диит 1933 шықәса рзы Очамчыра араион, Тамшь ақыҭан. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә амедицинатә институт даушьҭымҭан.

Ареспубликатә аԥсихоневрологиатә диспансер аҳақьым хада Константин Ануа еиҭеиҳәеит Цицинеи иареи Тамшьтәи ашкол аҿы класск аҿы аҵара шеицырҵоз.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Аҳақьым: сынтәа ичмазаҩу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара еиҳа еиҵоуп

"Ашкол ҳаицҭалеит 1941 шықәса рзы, ҳалгеит 1952 шықәса рзы. Уи ашьҭахь Қарҭтәи амедицинатә институт ҳаицҭалеит 1958 шықәса рзы. Цицина апедиатриа афакультет далгеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Константин Ануа иажәақәа рыла, ашкол аҿы аума, аинститут аҿы аума Цицина аҵара бзиаӡаны илҵон. Аинститут ашьҭахь аус луан Очамчыратәи ахәыҷтәы поликлиникеи аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи рҿы. 1961 шықәса рзы Цицина Барганџьиаԥҳа ҳақьым хадас аусура далагеит Аӡҩыбжьатәи ахәышәтәырҭаҿ.

"Лыпрофессионалтә усура адагьы ауаҩышьатә ҟазшьабзиақәа лыман. Ҳаиҩызцәа ааигәан. Дыҟам ҳәа ахаҵарагьы сцәыуадаҩуп", - иҳәоит иара.

Константин Ануа еиҭеиҳәоит Цицина лҭаацәараҿы лассы-лассы дышнеилоз.

"Лаб Ҭемыр Барганџьиа Дырмит Гәлиа дизааигәан. Иацәажәара акыр аинтерес аҵан. Асасдкылара аҳра ауан абри аҭаацәараҿы", - ҳәа игәалаиршәоит иара.

Цицина Барганџьиаԥҳа – ареспублика зҽаԥсазтәыз аҳақьым, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ҩынтә адепутатс иҟаз, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет алахәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0