Ииасыз ашықәс азы урыстәылатәи аруаа 200 рҟынӡа ҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит

© Фото : Пресс-служба ЮВОУчения ЮВО
Учения ЮВО  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса аҩныҵҟа Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа 200 рҟынӡа ҵара-ҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа 2018 шықәса ирылагӡаны 200 рҟынӡа ҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҟны ҳәа аанацҳауеит арратә округ апресс-маҵзура.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа ирымоу атехника 70% ҳаамҭа иақәшәоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа ирымоу атехника 70% ҳаамҭа иақәшәоит

Аҽазыҟаҵарақәа раан амотохысцәеи асапиорцәеи, анџьнырцәеи, арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара аҟазауааи, аԥшыхәцәеи, амедикцәеи рҽеилархәны имҩаԥыргоит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раԥырҟәҟәаара алыршашьа.

Иара убасгьы аруаа имҩаԥыргон абџьар зку абандиттә еиҿкаарақәа ржәылара аанкылашьазы ауснагӡатәқәа.

Аҽазыҟаҵарақәа иҟалар зылшо аҭагылазаашьа азааигәатәразы урыстәылатәи аруаа рхы иадырхәоит аимитациатә хархәагақәа.

Аҽазыҟаҵарақәа ирыдыԥхьалоуп зықьҩык рҟынӡа аруаа, шәкыла арратә техника - БТР-82АМ, "Тигр" уҳәа назлоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0