Агәабзиарахьчара аминистрра иҟанаҵо аахәамҭақәа хылаԥшра рыҭахоит

CC0 / / Таблетки
Таблетки  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба агәабзиарахьчара азҵаарақәа инарыдҳәаланы аилацәажәара мҩаԥигеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Аԥсны ахада ареспублика апрокурор хадеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рнапы ианиҵеит атәыла амедицинатә усҳәарҭақәа ахәшәқәа раахәаразы рхарџьқәеи раахәамҭақәа реихшареи хылаԥшра арҭаларц. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Аиҳаракгьы абасеиԥш агәаҭара ахәҭаны иҟалеит, атәыла ахада иажәақәа рыла, ауааԥсыра ргәынамӡара иахырҟьаны. Урҭ реиҳараҩык дара аҳақьымцәа рхаҭақәа иаԥырҵаз ахәшәҭирҭақәа рҟны ахәшәқәа раахәара рыдыргалоит.

"Егьырҭ атәылақәа рҟынтәи амедицинатә усзуҩцәа ҳҳақьымцәа зыҩаӡара ҳараку ракәны ирыԥхьаӡоит. Аха уаламцәажәар ауам иҟоу апроблемақәа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаажәлар рҟынтәи агәынамӡарақәа рацәоуп", - иҳәеит аилацәажәараҿы атәыла ахада.

Ҳаџьымба агәабзиарахьчара аминистр инапы ианиҵеит иалшо зегьы ҟаиҵарц аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0