Аҿар ртеатр Шекспир аԥсышәала ддырцәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҿар ртеатр Шекспир аԥсышәала ддырцәажәеит
Аҿар ртеатр Шекспир аԥсышәала ддырцәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр "Амбжьах лыбжьара" шықәнаргылази уи ахәаԥшҩы ишидикылази ртәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аспектакль "Амбжьах лыбжьара" Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аҿы иалагоит Нино Рота афильм "Крестный отец" азы ииҩыз амузыкала. Асценахь иааиуеит ҳаамҭа иақәшәаны еилаҳәоу Лиученциои (Ахра Кәарҷиа) Бьонделло Траниои (Леон Ӷәынџьиа).

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Амбжьах лыбжьара"
Аҿар ртеатр Шекспир аԥсышәала ддырцәажәеит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль "Амбжьах лыбжьара"

Аспектакль тема хадас иамоуп ахаҵеи аԥҳәыси реизыҟазаашьа. Аҿар ртеатр Шекспир рыҽицәхьарымкит, атекст иацәыхарам ахәмарыҩцәа Лиученцио (Ахра Кәарҷиа), Бианка (Иана Каҷараа), Петручио (Мдар Сақаниа), Катарина (Есма Шуген) ражәаҳәа.

Арежиссиор Наталиа Николаева Шекспир иепоха маҷк аԥсахрақәа аиур еиӷьуп ҳәа лыӡбеит. Ахҭыс мҩаԥысуеит ҳаамҭазтәи ақалақь Падуе аҿы. Наталиа Николаева лгәаанагарала, аԥсуа менталитети аиталиатә менталитети акыр еиԥшуп. Убри ауп аспектакль еиҳаракгьы аԥсуа хәаԥшҩы изизааигәоу.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Амбжьах лыбжьара"
Аҿар ртеатр Шекспир аԥсышәала ддырцәажәеит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль "Амбжьах лыбжьара"

Актиорцәа рыбжьара аӡәык-ҩыџьак ирнубаауеит аренессанс аепоха иатәу дыргақәак, егьырҭ ҳаамҭа иақәшәо амаҭәа ршәуп. Адекорациа акәзаргьы, аминимализм астиль ауп изҵазкуа.

Аамсҭа иԥа Лиученцио Бианка бзиа дибоит, аамсҭа Петручио – Катарина. Катарина акыр дымбжьахуп. Лҟазшьагьы узақәшәашам. Петручио иӡбоит бзиа иибаз аҭыԥҳа лҟазшьа еиҭеикырц, дибжьарц. Абас ауп ишыҟоу, ҩажәак рыла иуҳәозар, аспектакль асиужет.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Амбжьах лыбжьара"
Аҿар ртеатр Шекспир аԥсышәала ддырцәажәеит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль "Амбжьах лыбжьара"

Актәи акт аҟны излацәажәо Петручиои Катаринеи реизыҟазаашьоуп.

Аспектакль аҿы ирацәоуп адинамика азҭо акәашарақәа. Ус шакәугьы, аспектакль маҷк еиҵыхцәоуп, ԥшь-сааҭк инарзынаԥшуа ицоит. Аха иазгәаҭатәуп актиорцәа ҭакԥхықәрала рус ишазнеиз, рыхәмаршьа ушагәыланахалоз.

"Сара агәахәара ду снаҭоит Аҿар ртеатр аҿы раԥхьаӡа акәны анҭыҵтәи апрофессионалтә режиссиор дахьааԥхьоу. Актиорцәа рыхәмарра даара ишьахәуп. Оумакала исгәаԥхеит актиорцәа Мдар Сақаниа, Алиас Аҩӡба, Аслан Анқәаб рыхәмаршьа", - ҳәа еиҭалҳәоит атеатралтә критик Светлана Қорсаиаԥҳа.

Аха убри аан лара илгәамԥхеит амузыкеи акостиумқәеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Амбжьах лыбжьара"
Аҿар ртеатр Шекспир аԥсышәала ддырцәажәеит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль "Амбжьах лыбжьара"

"Сара сгәаанагарала, аепохақәа акыр еиларԥсеит. Усеиԥш илыӡбеит арежиссиор. Ари аԥхьарбароуп азы, иуадаҩуп ахәаԥшыҩцәа ишрыдыркыло иаразнакы ахәшьара аҭара. Сеигәырӷьоит Аҿар ртеатр агәаҳәара рыманы иахьыхәмаруа. Сгәы иаанагоит, ҳаԥхьаҟа иҵегьы ҳдыргәырӷьап ҳәа", - лҳәоит акритик.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Амбжьах лыбжьара"
Аҿар ртеатр Шекспир аԥсышәала ддырцәажәеит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль "Амбжьах лыбжьара"
Ажәабжьқәа зегьы
0