Ахатәы гәырҩа агәыҳалалрахь ианиасуа

© Sputnik / Сария КварацхелияНарине Кайшян с родителями
Нарине Кайшян с родителями - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шықәсык иназынаԥшуа Аԥсны аус ауеит агәыҳалалратә фонд "Аус бзиа". Иара агәы-чымазара змоу ауаа ацхыраара рыҭара иазырхоуп. Афонд шаартхази, ацхыраара шыҟанаҵои, адгылара азҭо ауааи ирызкуп Sputnik акорреспондент иазлырхиаз аматериал.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Ҩышықәса зхыҵуа  Нарине Каишиан уанлыхәаԥшуа агәра узгашам иахьа иԥыр-ԥыруа ахәыҷы ԥшьымз раԥхьа анапышьҭыхраҵәҟьа шлылымшоз.

"Еснагь дышьҭан. Шықәсыбжак леизҳара даҵахон. Лнацәкьарақәаҵәҟьа лзырҵысуамызт. Еиҳа-еиҳа илыгхон. Дҵыкәкәа дцон. Аҳақьымцәа дсыманы срылан. Зегьы ирҳәоз акакәын: акгьы лыхьӡом, ус макьаназ дхәыҷуп", - ҳәа еиҭалҳәоит ахәыҷ лан Кристина Кәартааԥҳа.

Лиана с мамой - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" Лиана Гокориан лзы аԥареизгара иалагеит

Аҵыхәтәан ишьақәыргылахеит Нарине лгәы амалыр аманы дышиз. Ахәыҷ лан уи агәра мгакәа Шәачаҟа дылгеит.

"Уаҟа ҩымз-хымз аамҭа шәымоуп ҳәа ҳарҳәеит. Зыхә дуу аоперациа лзыҟаҵатәуп ҳәа сарҳәеит. Схы ахьызгара сзымдыруа сықәхеит. Аԥара ԥшаатәхеит. Усҟан сара зыӡбахә рҳәаз ҩ-миллионки бжаки рҟынӡа аԥара ахьсоуаз ҳәа акгьы сыздырамызт. Исзыҟалаз засҳәаз раԥхьатәиқәа дреиуоуп Лариса Киутԥҳа. Лара исабжьылгеит агәабзиарахьчара аминистррахь снеирц, иара убасгьы афонд "Аус бзиа" садҵааларц", - ҳәа еиҭалҳәоит ан.

Афонд ахь акәымкәа Кристина аԥхьа аминистррахь лхы лырхеит, аха уа иларҳәеит ишыԥштәыз. Лара аԥшыха лымамызт. Аамҭа ирзыԥҵәаз маҷын. Цхыраарак соуп ҳәа дшымгәыӷуазгьы Кристина афонд ахь днеиит.

Уа дылԥылеит афонд ашьаҭаркҩы Енрик Кәартаа.

"Иажәа имыррацәеит. Ҳбыцхраауеит иҳәеит. Мчыбжьык, ҩымчыбжь аамҭа цеит. Сара иҟасҵара сзымдыруа сыҟан", - ҳәа еиҭалҳәоит Кристина.

Енрик иажәа дамеижьеит. Ҩымчыбжь анааҵ ашьҭахь Наринеии лани Москваҟа, Бакулев ицентр ахь амҩа иқәлеит. Нарине ҩ-операциак лзыҟарҵеит. Лшьапы дықәгылеит.

"Иахьа дкәаԥӡа дыҟоуп. Асеиԥш  лашарак аабап ҳәа сыҟамызт. Аныҟәара лҽазылкуеит. Афонд ацхыраарала схәыҷы деибгоуп", - лҳәоит ан.

Благотворительная акция КБФ Ашана в поддержка Асланы Джинджолия - Sputnik Аҧсны
"Ашана" ашықәс аихшьаалақәа ҟанаҵоит: сынтәа миллионк ала еиҳаны еизаагеит

Енрик иакәзар аамҭа-аамҭала Нарине лан дылзасны ахәыҷы лҭагылазаашьа дазҵаауеит.

Жәашықәса раԥхьа Енрик Кәартаа 16-шықәса  зхыҵуаз иԥҳа дицәыӡит. Уи лгәы иацхраашаз ауаҩы дзыҟамлеит.

"Сыԥҳа леиқәырхара ауан ианаамҭаз аоперациа лызузҭгьы. Иахьа лгәы бзиаӡа дҳалагылазаарын", - иҳәоит Енрик Кәартаа.

Ихьыз арыцҳара ашьҭахь Енрик инапы еиқәыԥса дымтәеит. Иӡбеит ацхыраара зҭаху ауаа дрывагыларц. Афонд аиҿкаара атәы иӡбеит ҽнак зны заб иаарласны аоперациа иҭахны дыҟаз арԥыски иареи анеиқәшәа ашьҭахь.

"Ҽнак зны ахәышәтәырҭа сдәылҵымҭаз арԥыски сареи ҳааиԥылеит. Иара илаӷырӡ изымҵәахуа дыҟан. Иаб аоперациа изутәны дшыҟаз еилыскааит. Аԥара дашьҭан. Абри ашьҭахь сазхәыцуа салагеит афонд аԥҵара, агәыхь змоу ауаа рыцхырааразы", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Абас ахы акит афонд аҭоурых. Афонд ацхыраара арҭоит аилахәыра "Премиум", Риҵатәи аҳәырԥсарра, амаҵзура "Интер-такси". Аилахәыра "Интер-такси" аусуҩцәа  еицҿакны иазырыӡбеит ес-иааиуа ахәбатәи рҭыҵра иаанашьҭуа аԥара афонд иахырыԥхьаӡалаларц.

"Афонд аӡбахә Енрик исзеиҭеиҳәеит. Иҭоурых сеиҳәеит. Сара сусуҩцәа иҟаз анрасҳәа иҳаӡбеит иарбанызаалакгьы ахәбатәи рҭыҵра иаанашьҭуа аԥара афонд иахырыԥхьаӡалаларц", - иҳәеит аилахәыра адиректор Сосо Қаџьаиа.

Шықәсык аҩныҵҟа афонд иалнаршеит хҩык ауаа рыԥсеиқәырхара.

Ажәабжьқәа зегьы
0