Афымцалашара арцәара иахҟьаны аӡыржәтә аушьҭрагь еиԥҟьоит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКран
Кран - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕгрыГЕС зынӡа аусура аанкыламхарц азы Аԥсны иахьаҵанакуа жәабран 20 инаркны афымцалашара дырцәалоит ҳәа аанацҳаит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа афымцалашара арцәара инадҳәаланы ареспубликаҿ аӡыржәтә аиурагьы ԥкхоит асааҭ 11:00 инаркны асааҭ  14:00 рҟынӡа ҳәа ааицҳауеит АУН "Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб.

Энергетические объекты Крыма - Sputnik Аҧсны
Афымцалашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит жәабран 20 инаркны

"Аԥсны иҟоу аӡыҭгагатә станциақәа зегьы афымцамч иадҳәалоуп. Афымцамч аныҟамла аӡыҭгагақәа русурагь аанкылахоит", - ҳәа иҳәеит иара.

"ЕгрыГЕС аусура аанкылатәхоит аӡы аҩаӡара 420 метра рҟны ианнеилак. Усеиԥш ҟамларц азы иӡбоуп жәабран 20 инаркны (асааҭ 11:00- 14:00) Аԥсны иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы афымцаларашара  дырцәаларц. Ари аҩыза аԥкыра ҟалоит Урыстәылантәи афымцалашара ҳауа ҳалагаанӡа", - ҳәа аҳәоит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура аҳәамҭаҿ.

Жәабран 19, 2019 шықәса рзы иҟоу азыԥхьагәаҭарала ЕгрыГЕС хәажәкыра-мшаԥы амзақәа рзы 310 миллион киловатт-сааҭ афымцамч арҿиара алшоит. Убри аан Аԥсны афымцамч ахархәара 366 миллион киловатт-сааҭ итәоит. Адефицит 56 миллион киловатт-сааҭ шьақәнаргылоит ҳәа аҩуеит аиҿкаара апресс-маҵзура.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0