Аԥсны ахәҭак Урыстәылатәи афымцалашарала еиқәыршәахоит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация с энергоснабжением Крыма
Ситуация с энергоснабжением Крыма - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа афымцалашара дырцәоит жәабран 20 инаркны, есыҽны, асааҭ 11:00 - 14:00 рзы.

АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аиҳабыреи Урыстәылеи жәабран 27 инаркны ареспубликахь урыстәылатәи афымцамч аашьҭразы еиқәышаҳаҭхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр  Валери Бганба.

ЕгрыГЕС - Sputnik Аҧсны
ЕгрыГЕС аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәра еиҳа имаҷхо иалагеит

"Жәабран 27, ашьыжь асааҭ 9:00 инаркны  Урыстәылантәи афымцалашара ҳхы иаҳархәо ҳҟалоит. Арахь иаҵанакуеит Гәдоуҭа, Гагра, Аҟәа ақалақь ахәҭак. Егьи иаанхо Аԥсны аҵакыра ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара шаиуц иаиулоит. Иҳауа афымцамч ахаҭабзиара ҳәарада иҳаракуп", - ҳәа иҳәоит аԥыза-министр.

Жәабран 19, 2019 шықәса рзы иҟоу азԥхьагәаҭарала, ЕгрыГЕС хәажәкыра-мшаԥы рзы 310 миллион киловатт-сааҭ афымцамч арҿиара алшоит. Убри аан Аԥсны афымцамч ахархәара 366 миллион киловатт-сааҭ итәоит. Адефицит 56 миллион киловатт-сааҭ шьақәнаргылоит.

ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. ГЕС агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿы иҟоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла.

ЕгрыГЕС алшара 1300 мегаватт инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0