Кәыҵниа: сынтәатәи ашәарыцара аамҭа қәҿиара дук амам

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСоколиная охота.
Соколиная охота. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәарыцаратә сезон аартын 2018 шықәса нанҳәа 11 рзы, иаркхоит 2019 шықәса хәажәкыра 15 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Бадри Есиава. 2018-2019 шықәсқәа рызтәи ашәараыцаратә аамҭа рацәаӡак қәҿиара аман иҟамызт ҳәа Sputnik  акорреспондент изеиҭеиҳәоит Аԥсны ашәарыцацәеи аԥсыӡкцәеи Реилазаара ацентртә напхгара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа.

"Сынтәатәи ашәарыцараамҭа шәарахла, ԥсаатәла  ибеианы иҟамызт. Акызаҵәык ацаблыкь рацәан. Аҳәыҳәқәа, акәатақәа шамахамзар иуԥыхьашәомызт, имаҷын ачақәагьы", - ҳәа еиҭеиҳәоит Кәыҵниа.

Иҟоу зыхҟьаз ҳәа Ҳаџьараҭ Кәыҵниа ииԥхьаӡо аԥсқьарцәа ззин ыҟам ахархәагақәа рхы иахьадырхәо ауп.

"Аҳәыҳәқәагьы иреихсуа иалагеит. Аԥсаатә ҭыԥ ахьоумҭо иаангылаӡом. Аҽаџьара ииасуеит. Аԥсаатә уахынла иԥхьарылалароуп. Аԥсқьарцәа ҽынла аҵар рҽахьеизыркуа аҭыԥқәа гәаҭаны уахынла бџьарла еиқәных афонарқәа рыманы инеиуеит", - ҳәа иҳәоит иара.

Охота - Sputnik Аҧсны
Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дшышәииз: ашәарыцара иазку жәлар рҳәамҭақәак

Кәыҵниа игәаанагарала аԥсаатә, рмаҷра еиҭахгьы ԥырхаганы иамоу Урыстәыла ақыҭанхамҩадәқәа ахьхәышәдыркуоуп. Ахәшә зфо аԥсаатәгьы ҭахоит.

2018-2019 шықәса рзы азин ыҟан: мышкала ачақәа 20, ацаблыкьқәа 5, акәатақәа 10 рышьра.

2017 шықәса рзы Апарламент ахь инашьҭын ажәалагала аԥсқьарцәа рганахь ала ахарахаҵара арӷәӷәара.

"Ахарақәҵара штрафны ишьақәнаргылоит – 1200 мааҭ ашәара. Амшә ма абӷаџьма рзыҵәҟьагьы 3-5 нызқь мааҭ роуп ишәатәу. Уи ауаа ацәшәартә иҟам. 2017 шықәса рзы Апарламент ахь инашьҭын ажәалагала аԥсқьарцәа рганахь ала ахарахҵара арӷәӷәаразы, аха макьаназ ӡбашьак амам", - ҳәа иҳәоит Кәыҵниа.

Аԥсны ашәарыцацәеи аԥсыӡкцәеи Реилазаара анапхгара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа ишиҳәаз ала, ашәарыцара аамҭа хәажәкыра 15 рзы иаркхоит. Ашәарах ашьҭашәарыцара акәзар, ҿҳәарас иамаз ажьырныҳәамзанӡа акәын.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0