Аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амедал ианаршьеит

© SputnikНиколаи Медвенски
Николаи Медвенски - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Николаи Медвенски 2012 шықәса раахыс 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз асолдаҭцәа рыԥсыжырҭақәа рышьақәыргылара инапы алакуп.

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу амедал "Память героев Отечества" ианеишьеит жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә ԥшааратә експедициа анапхгаҩы Николаи Медвенски.

Кандидат медицинский наук,судмедэксперт Геннадий Бобуа работает с обнаруженными останками - Sputnik Аҧсны
Жәеизаҩык асовет аруаа Ԥсҳәы ақыҭан ижуп

Амедал ианашьоуп арра аҭоурыхи, агуманитартә дыррақәеи, аҭоурых-патриоттә хырхарҭа змоу ауаажәларратә проектқәа рынагӡареи рҟны иҟаиҵаз алагала дуқәа рзы.

"Ари аҳамҭа сара заҵәык сакәым иззырхоу, исывагыланы аԥшаарақәа ирылахәыз зегьы ирзырхоуп", - ҳәа иҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ.

Николаи Медвенски 2012 шықәса раахыс 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз асолдаҭцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәиргылоит, рыхьӡ акамыршәра дазыҳаҵҳаҵоит.

"Абри аамҭала иалҳаршеит шәҩык инарзынаԥшуа асовет аруаа рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара, анышә рамадара, Клыхәра, Марыхә, Санчара абаҟақәа реиҭашьақәыргылара", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Аҭоурыхҭҵааҩ иажәақәа рыла, Аԥсны ашьхараҿ асовет аруаа рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара аус иацҵахоит.

"Аҳәаахьчаҩцәа, ахьшьцәа адыррақәа ҳарҭоит, нас аусурақәа хацҳаркуеит. Уажәы аԥхынразы аекспедициа амҩаԥгара гәҭакыс иҳамоуп", - ҳәа иҳәоит Николаи Медвенски.

Аслан Аҩӡба: Ԥсҳәы аҭарцәра Кавказ ахақәиҭтәраз акраҵанакуа иҟалеит

 Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амедал "Память героев Отечества" шьаҭаркын 2015 шықәса ажьырныҳәа 26 рзы Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Иусԥҟала (№ 35).

 

Ажәабжьқәа зегьы
0