Москватәи атуристтә форум аҿы Аԥсны ҩаӡара ҳаракыла иӡырган

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМоскватәи атуристтә форум аҿы Аԥсны ацәыргақәҵа
Москватәи атуристтә форум аҿы Аԥсны ацәыргақәҵа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аделегациа алахәын хәажәкыра 11-14 рзы Москва имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи атуристтә форум MITT.

2019 шықәсазтәи ацәыргақәҵаҿ Аԥсны апавильон аҽшеиҭанакыз, иара егьырҭ алахәылацәа изларылукаауаз, ареспублика атуриндустриаҿ изызхьаԥшырц ахәҭоу ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Sputnik

XXVI Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа MITT мҩаԥысуеит аусутә ҟазшьа аманы, уи еснагь аҭааҩцәа рацәаны иамоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.

Аԥсны амилаҭтә туристтә еилахәра Турист аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәакәасқьыр ацәыргақәҵа MITT азы: алҵшәа бзиаӡахоит ишаҳҳәо еиԥш аԥсшьаҩцәа ҳарԥылар

Иара иажәақәа рыла, ареспублика алшарақәа инарҭбааны иӡырнагеит, иаҭааз дыргәырӷьеит Лаша Марыхәба напхгара зиҭо ахәыҷтәы ансамбль "Амцабз" инанагӡаз акәашарақәа.

"Исҳәарц сҭахуп, Аԥсны апавильон ахь азҿлымҳара ду шаарԥшыз. Аԥхьатәи амш аҽны ауаа рыжәпара узалсуамызт", - ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.

Иара ҷыдала азхьаԥшра риҭеит Италиа, Бырзентәыла, Испаниа рцәыргақәҵақәа. Ҭырқәтәыла, Словениа, Черногориа ракәзаргьы, ркурортқәа ауаа рыдрыԥхьаларц акыр рҽазыршәон. Барцыц игәаанагарала, Аԥсны арҭ акурорттә тәылақәа рҿыԥшыр ахәҭоуп.

"Аԥсны ацәыргақәҵаҿы ахы шаанарԥшыз акыр саргәырӷьеит, сгәы шьҭнахит", - иҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.

Иара ишиҳәаз ала, 2019 шықәсазтәи аԥсуа експозициа акыр иҭбаан. Апавильон аинтерес рыман аҭааҩцәа реиԥш, амассатә информациа ахархәагақәагьы. Урҭ рахьтә ирацәаҩын ашьхатә, аетникатә, афара-чаратә туризм аҭагылазаашьа иазҵаауаз.

Инал Абухба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Абыхәба MITT иазкны: аҩи ачыси рыбзоурала аԥсуа стенд иаднаԥхьалаз рацәаҩуп

Барцыц агәра игоит абарҭ ахырхарҭақәа зегьы рҿы Аԥсны иахәҭоу аҭыԥ ааннакылар шалшо, иара убри аан амаҵзура ахаҭабзиара шьҭыхтәны, акриминалтә ҭагылазаашьа еиӷьтәны иазиԥхьаӡоит, избанзар урҭ роуп раԥхьа иргыланы атуризм анырра азҭо.

"Ҳара ҳааҟәымҵӡакәа арҭ ахырхарҭақәа еиӷьаҳтәлароуп. Ауааԥсыра рзеиԥш культура еизырҳатәуп, аиҳаракгьы атуризм аусхк знапы алаку. Арҭ аҭагылазаашьақәа ҳаамҭазтәи адунеи аҿы аҵак ду рыманы иҟоуп, избанзар АИХ, асоциалтә ҳақәа рҿы иаразнак аныԥшра роуеит", - иҳәоит иара.

Қаџьаиа атуристтә цәыргақәҵа MITT азы: ҳара ҳзы алҵшәа змоу ауп

Москватәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа "Путешествия и туризм" MITT иреиҳаӡоу атуризм азы ацәыргақәҵақәа ируакуп, жәларбжьаратә еилазаараҟны ҳаҭыр аманы иахәаԥшуеит. Иара мҩаԥысуеит 1994 шықәса раахыс. MITT Урыстәыла атуристтә индустриаҿы ихҭыс дуны ишьоуп. Есышықәса иара иеизнагоит адунеи зегь аҟынтәи атуристтә бизнес ахаҭарнакцәа. Урҭ ара иӡырыргоит рыпрограмма ҿыцқәа, рхырхарҭа ҿыцқәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0