Урыстәылатәи аруаа инарҭбаау аҽазыҟаҵарақәа Аԥсны имҩаԥыргеит

© Foto / Пресс-служба ЮВОУрыстәылатәи аруаа инарҭбаау аҽазыҟаҵарақәа Аԥсны имҩаԥыргеит
Урыстәылатәи аруаа инарҭбаау аҽазыҟаҵарақәа Аԥсны имҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи арратә округ акомандаҟаҵаҩ, аинрал-полковник Александр Дворников идҵала афлоти авиациеи алархәны абаталионтә гәыԥқәа "реиҿагылара" мҩаԥган.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев адырра ҟаиҵеит аполигонқәа "Ҵабали" "Нагвалоуи" рҟны имҩаԥысуаз арратә ҽазыҟаҵарақәа 1500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа алахәын ҳәа.

"Аӷа" иршьаҟауааи ивертолиотқәеи реихсраан иҭархан 1000 инарзынаԥшуа цәҟьарра. Аҽазыҟаҵарақәа раԥхьатәи рыхәҭаҿы иаалырҟьаны иргылаз аррамаҵзурауаа атехникала иарбаз араионқәа рахь инеит 200 километра иахысны", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Учения ЮВО в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аррамаҵзурауаа ахысрақәа мҩаԥыргон агранатаршәгақәа РПГ-7В, автоматтә гранатаршәгақәа "Пламя", кәылӡыла ихҩоу атранспортиорқәа БТР-82АМ, 122-миллиметра иҟоу артиллериатә гаубицақәа Д-30 рыла ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Амшынԥшаҳәеи ашьхара-бнаратә ҭыԥқәеи рҟны аԥшыхәыҩцәа, артиллеристцәа, азенитчикцәа аҽыхьчареи ажәылареи раан рхымҩаԥгашьа аус еицадырулеит.

Аполигонқәа "Ҵабали" "Нагвалоуи" рҟны имҩаԥысуаз арратә ҽазыҟаҵарақәа 1500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауааи 400 инарзынаԥшуа арратә техникеи алахәын.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0