Ахада аҟәатәи агәамсамкаԥсарҭа аркра аҿҳәара атәы иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлашарбага араион аҿы акциа
Алашарбага араион аҿы акциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алашарбага араион аҿы инхо ауааԥсыра ҿҳәарадатәи аҿагыларатә акциа хацыркын мшаԥы 4 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Агәамсамеизакырҭатә полигон ҿыц аргылара хыркәшахоит шықәсыбжак аҩнуҵҟа ҳәа иҳәеит атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба мшаԥы 8 рзы, Алашарбага араион аҿы инхо ауааԥсыра данырԥылоз. Алашарбага араион аҿы инхо ауааԥсыра ҿҳәарадатәи аҿагыларатә акциа хацыркын мшаԥы 4 рзы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАлашарбага араион аҿы акциа
Алашарбага араион аҿы акциа - Sputnik Аҧсны
1/3
Алашарбага араион аҿы акциа
© Sputnik / Томас ТхайцукАлашарбага араион аҿы акциа
Алашарбага араион аҿы акциа - Sputnik Аҧсны
2/3
Алашарбага араион аҿы акциа
© Sputnik / Томас Тхайцук
Алашарбага араион аҿы акциа - Sputnik Аҧсны
3/3
Алашарбага араион аҿы акциа
1/3
Алашарбага араион аҿы акциа
2/3
Алашарбага араион аҿы акциа
3/3
Алашарбага араион аҿы акциа

 

"Ҳара агәра шәҳаргахьан аҭагылазаашьа шеиҭаҳкуа, даҽа мҩак шазаҳаԥшаауа азы. Убри аан иазгәаҳҭеит, актәи аетап ала агәамсамеизакырҭазы ажра ҿыц ҟаҵаны, аҩнқәа ирцәыхараны, амҩа ҟаҳҵоит ҳәа. Уажәы иҳашәҭ алшара агәамсам аихшаратә хархәагақәа раахәаразы. Аполигон азакәан шьаҭа аҭаны иақәнагоу адокументқәа азеиҿкаауп. Уажәшьҭа уи азы аԥара ԥшаатәуп. Аусурақәа ааизакны ирҭаххоит 120 миллион мааҭ аԥара. Уа иргылатәуп агәамсам аихшарҭа амыругақәа. Уигьы аамҭа аҭахуп. Мышкала иузыҟаҵом. Шықәсыбжак инарзынаԥшуа аамҭа ақәӡуеит", - иҳәеит атәыла ахада.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Гәылрыԥшь араион аҿы аполигон дыргылонаҵы аҟәатәи агәамсамкаԥсарҭа аркра залшом ҳәа. Аполигон ргылахаанӡа еизо агәамсам аамҭала ашьҭаҵарҭа аҭыԥ ыҟам, ареспублика егьырҭ араионқәа рҿгьы иақәшаҳаҭым аҳҭнықалақь ацрыҵ адкылара.

Абасала, аҭагылазаашьа шреилдыркаазгьы, Алашарбага араион ауааԥсыра ргәаанагара иацәхьамҵит. Еизаз рхаҭарнак Џьансыхә Адлеиба иазгәеиҭеит аҿагыларатә акциа шыҿҳәарадоу, атәыла ахада агәамсамкаԥсарҭа шадыркуа азы Иусԥҟа рымбакәа ишеимымҵуа.

"Ҳара ҳгәаанагара ҳацәхьаҵуам. Абрантәи атехника шықәырго ҳамбакәа, атәыла ахада Иусԥҟа ҳалала иҳамбакәа ҳаиԥырҵуам. Амашьынақәа арахь рааира азин ҟаҳҵом", - иҳәеит Адлеиба.

Аҟәа ақалақь Алашарбага араион ауааԥсыра еизеит Аҟәатәи ашкол №12 аҿаԥхьа, дҵаны иқәдыргылеит абри аҭыԥ инаркны хышәҟа метра ахьыбжьоу иҟоу агәамсамкаԥсарҭа адыркразы.

Валери Бганба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бганба: агәамеизакырҭа ҿыц аргылара азҵаара аӡбаразы аамҭа ҳҭахуп

Уаанӡа ауааԥсыра рынхара рацәак иаԥырхаганы иҟамызт агәамсамкаԥсарҭа, аха уажәы иара аҽарҭбааит, 60 гектар рҟынӡа аҵанакуеит. Ааигәа-сигәа инхо ауаа рыбзазаратә ҭагылазаашьа аруадаҩуеит. Дара ирҳәеит ишеиԥырымҵуа атәыла ахада абри азҵаара иӡбаанӡа.

Акциа ҩымш ицон. Ауаа ҷаԥшьон амашьынақәа рмышьҭразы.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхынҷкәын 4 рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит ари апроблема аӡбаразы.

Хәажәкырамзазы атәыла аиҳабыра аполигон аргыларазы 36 гектар адгьыл алыркааит Гәылрыԥшь араион аҿы.

Гәылрыԥшь араион аҿы агәамсамеизакырҭатә полигон аргылара иалагоит

Мшаԥы 4 рзы аԥыза-министр Валери Бганба абрифинг аҿы ирылеиҳәеит аполигон ҿыц ргылахоит ҳәа. Аргыларақәа ирылагоит лаҵарамзазы. Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0