00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
13:04
8 мин
13:13
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Дополнительное время
14:46
12 мин
Новости
Главные темы
15:07
15 мин
На полях экономического форума
Кириенко оценил уровень развития абхазо-российских отношений
15:22
3 мин
На полях экономического форума
Решетников о темпах развития абхазской экономки
15:25
2 мин
На полях экономического форума
Президент Южной Осетии о развитии отношений двух стран
15:27
2 мин
Такие обстоятельства
Первые итоги инвестфорума: мнение ученого
15:29
3 мин
Новости
Главные темы
15:33
15 мин
Актуальный комментарий
Инвестиции и сотрудничество: роль международного форума и новых соглашений
15:49
4 мин
Актуальный комментарий
Диалог о развитии туризма в Абхазии: участница о встрече с российскими коллегами
15:52
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:33
12 мин
Новости 14.00
Главные темы
19:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
19:33
10 мин
Еицырдыруа ахьыӡқәа
Жәлар рартист Шьалуа Гыцба диижьҭеи 90 шықәса ҵит: арҵаҩы идҳәалоу агәалашәарақәа
19:49
8 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Акоррупциа иаҿагыло азакәан ахада иалхрақәа рҟынӡа ирыдыркылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Жәлар Реизара
Аԥсны Жәлар Реизара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 15 рзы Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа дырԥылеит акоррупциа иаҿагыло азакәанԥҵара адкыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа.

АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәала, рхарџь, рмазара, амазаратә ҟазшьа змоу рҭакԥхықәра рзы" Азакәан апроект иахәаԥшраны иҟоуп аҩбатәи аԥхьарала, атәыла ахадаразы акандидатцәа рҭаҩра иалагаанӡа ҳәа иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа, акоррупциа иаҿагыло азакәанԥҵара адкыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа рԥылараан.

Презентация новых банкнот Банка России номиналом 200 и 2000 рублей - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аӡбаҩцәа рхашәалеи рмазареи адекларациа рзырулароуп

Абри атәы еиҭеиҳәеит акоррупциа иаҿагыло азакәанԥҵара адкыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнак Рисмаг Аџьынџьал.

Акандидатцәа рҭаҩра иалагоит лаҵара 22 инаркны.

Ашәахьаҽны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахыбра аҿаԥхьа еизеит атәылауаа гәыԥҩык.

Урҭ дҵаны иқәдыргылон адепутатцәа акоррупциа иаҿагыло азакәан рыдыркыларц. Аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа идикылеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа.

"Ҳара азакәан апроектқәа ҩба ҳамоуп: актәи - Аԥсны Ашьауӷатә закәанеидкылахь ацәгьоура хкы ҿыц, закәаншьаҭада абеиахара алагалазарц. Иара убасгьы ҳалацәажәеит актәи аԥхьарала ирыдыркылахьоу азакәан. Адекларациа аҟаҵаразы азакәан аҿы иарбоуп аминистррақәа зегьы акадртә ҟәшақәа рахь адекларациақәа нарышьҭларц. Абри аан акадртә ҟәша аиҳабы аминистр инаишьҭыз адыррақәа риашара гәеиҭоит. Ҳара иаҳҭахуп адыррақәа зегьы акадрқәа рыҟәшақәа рахь акәымкәа, ашәахтә органқәа рахь инарышьҭларц", - иҳәоит Рисмаг Аџьынџьал.

Ииашамкәа адекларациа хазырҭәааз ачынуаҩ аусура дамҵроуп ҳәа ишьоит иара.

Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа ишиҳәаз ала, "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәала, рхарџь, рмазара, амазаратә ҟазшьа змоу рҭакԥхықәра рзы" Азакәан х-ԥхьарак рыла ирыдыркылароуп.

"Азакәан апроект аҩбатәи аԥхьараан ирыдыркылар, уи ахԥатәи аԥхьара аҭаххом. Аԥшьгаратә гәыԥ ажәа рысҭеит исылшо зегь шыҟасҵо азы акандидатцәа рҭаҩра иалагаанӡа иҳадаҳкыларц", - азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Аҩӡба: ачынуаа рмазара ашәҟәы аҭагаларазы азакәан адкылара дырццакит ауаажәларра>>

Азакәан хықәкны иамоуп акоррупциа аҿагылареи ачынуааи урҭ рҭаацәарақәеи закәаншьаҭада рбеиахара аԥырҟәҟәаареи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0