Аԥснытәи аҩқәа Краснодартәи аиндаҭлараҿы араӡны рҽаԥсартәит

© Фото : Agence Producteurs Locaux Damien KühnВинный погреб
Винный погреб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
21-тәи Жәларбжьаратәи аҩы-аалыҵ агьамагәаҭаратә еиндаҭлара "Южная Россия" - 2019 аатит мшаԥы 16 рзы, ихыркәшахоит мшаԥы 18 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҩқәа Краснодар имҩаԥысуаз 21-тәи Жәларбжьаратәи аҩы-аалыҵ агьамагәаҭаратә еиндаҭлара "Южная Россия" - 2019 аҿы араӡны рҽаԥсартәит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ИАЕ "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" рҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба.

Аԥыжәаратә ҭыԥқәа ранашьахеит аҩқәа: ИАЕ "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҭыжьымҭа "Ашҭа Лаша"; ахатәҩыҟаҵарҭа "Аргәын Иашҭа" аалыҵ "Шардоне".

"Ҳара аиндаҭларахь иҳашьҭит аҩхкқәа ԥшьба. "Ашҭа Лаша" аԥыжәара ахьаиуз даара ҳгәы иахәоит. "Ашҭа Лашеи" "Аҭауади" аразны еиҵаны ҳамҭа анарымшьац. Ҳҽызлаҳархәхьоу аиндаҭларақәа зегьы рҿы аԥыжәара роуеит, иалыркаауеит. "Ашҭа Лаша" шықәсык аҩныҵҟа франциатәи ауалырқәа ирҭаҵәуа ҩ-хкуп. Иара шамахамзар иалыркаауеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Аҩӡба.

Сынтәатәи аиндаҭлара иалахәын 186 ҩ-хкы.

Аклассикатә метод ала иҟаҵоу ашампанҩқәа рҟынтә Гран-При анашьахеит анаплакы "Кубань-Вино" аҿы иҭрыжьыз, ихәмаруа аҩхкы "Южный берег Тамани".

Акониаки бренди рҟынтәи Гран-При аиуит урыстәылатәи акониак "Дербент" (Даӷьысҭан, анаплакы "Дербентский коньячный комбинат").

 

Ажәабжьқәа зегьы
0