АҞӘА, мшаԥы 17– Sputnik, Бадри Есиава. Мшаԥы 13 рзы Аԥсны ақалақьқәа хәба рҿы имҩаԥысыз "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" аихшьаалақәа инарықәыршәаны хәбақәа роуит хәҩык.
"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" акоординатор Анжела Қаҩԥҳа еиҭалҳәеит ареспублика аҳҭнықалақь аҿы адиктант 84-ҩык ирыҩуан ҳәа.
"Ҳара хылаԥшра аҳҭон Аҟәеи Очамчыреи аусмҩаԥгатә шымҩаԥысуаз. Аҟәа адиктант бзиаӡоуп ҳәа ирҩит ҩыџьа, 20-ҩык ԥшьбақәа роуит, 26-ҩык хԥақәа роуит, егьырҭ ҩбақәа. Очамчыра аӡәы хәба иоуит, ԥшьҩык ԥшьбақәеи хԥақәеи роуит, аӡәы –ҩба", - ҳәа еиҭалҳәоит Анжела Қаҩԥҳа.
Пицундеи Гагреи ауснагӡатә иалахәхеит 30-ҩык. Хәбақәа уа аӡәгьы имоуӡеит. Абри атәы еиҭалҳәеит аилазаара "Славянский дом" алахәыла Елена Шестакова. Гәдоуҭа, жәафҩык рҟынтәи ҩыџьа хәбақәа роуит ҳәа азгәалҭеит акультуратә фонд "Апсны-Русь" аиҳабы.
Сынтәи адиктант авторс даман – еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Павел Басински. Аҟәа диктаторс дҟалеит Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба.
Мҽхакыҭбаалатәи адиктант – жәларбжьаратә проектуп. Уажәы адунеи атәылақәа 80 рҟны 13-нтәуп иара мҩаԥыргоижьҭеи.
"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" рҽазыҟарҵоит: Урыстәыла, Аԥсны, Арабтәи Емиратқәа, Вьетнам, Германиа, Франциа, Великобританиа, Финлиандиа, Италиа, Израиль, Ҟазахстан, Монголиа, Ареспублика Кипр, Естониа уҳәа рҿы.
"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" хацыркхеит 2004 шықәса рзы, Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Аԥхьатәи ашықәсқәа раан ахархәара рырҭон аурыси аҳәаанырцәтәи аклассикеи рцыԥҵәахақәа. 2010 шықәса раахыс атекст рыҩразы иадрыԥхьало иалагеит ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы адиктант атекст рҩит: Борис Стругацки, Захар Прилепин, Дина Рубина, Алексеи Иванов уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсны раԥхьаӡа акәны адиктант аҩра мҩаԥыргеит 2014 шықәса рзы.