"Кьараз" есышықәса иҿахоит

© Foto / Саида ЖибаАнсамбль "Кьараз"
Ансамбль Кьараз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Олек Уаҳаид-иԥа Чуаз иаҳзеиҭеиҳәеит амузыка иаҵоу адоуҳамч ауаҩы идунеи шарлашо, жәлар рашәақәа ракәзар - иԥсҭазаара ишацнаҵо.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Дәрыԥшь ақыҭан ииз, иааӡаз, зхәыҷра шықәсқәа раахыс амузыкахь абзиабара змаз Олек Чуаз еиуеиԥшым амузыкатә инструментқәа аирҳәон, дшәаҳәон, дкәашон аестрадатә гәыԥқәа "Дәрыԥшь", "Аԥсилаа", "Мзымҭа", "Абааҭа" рҟны. Убас ахкы наигӡон Гәдоуҭа иаԥҵаз жәлар рашәаҳәаратәи, рыкәашаратәи коллективи, Гагратәи ансамбль "Афырҭыни" рҿы.

семья Чуаз - Sputnik Аҧсны
"Нануи дадуи рхәышҭаара": амоҭацәа ирыгәҭылаку Чуазаа рҭаацәара аҭоурых

"Ҳаныхәыҷыз, сгәыла ҷкәын Сулҭан Конџьариеи сареи амузыка ҳахшыҩ азцо иалагеит. Сан лычуан ахҩақәа маӡала илыцәганы, амш дуӡӡа абаҳча сыҵаланы, адаул асырҳәозшәа срысуан", - игәалашәоит Олек Чуаз.

Арԥарцәа ашкол ианҭала, ашәаҳәареи, акәашареи рҿы ираԥызгоз дыҟамызт. Иҵегь ианрызҳа, рқыҭауаа, аҷкәынцәа Санардики Шаликәеи Гәынаа, Пампулик ҳәа изышьҭаз (ихьӡ игәалашәом - аред.) Уанаҿеи дареи аестрадатә гәыԥ "Дәрыԥшь" аԥырҵеит. Агитареи, абас-гитареи, афымцатә уарӷани, адаули адырҳәон, инарыгӡон усҟантәи аамҭазы имодаз агәыԥ "Битлз" ашәақәа, убас аԥсуеи аурыси естрадатә ашәақәа.

Аԥсуа шәаҳәаҩ "Таланты Евразии – 2018" аҟны аиааира лгеит>>

"Раԥхьатәи ҳконцерт Дәрыԥшь имҩаԥаагеит. Убас ҳқыҭауаа ибзианы ҳрыдыркылеит, "Битлз" ааны раԥхьа иқәгылазшәа. Изызӡари, аҭыԥҳацәагьы гәыԥҩык рыгәқәа тҟәаны иаҳгеит", - алаф ахҳәаауа раԥхьатәи аконцерт далацәажәоит Олек.

Аестрадатә гәыԥ "Дәрыԥшь" шьақәгылан арԥарцәа арра ицаанӡа. Иазгәаҭатәуп, Олек Чуаз аррамаҵура ихыганы данаа, уи ҩаԥхьа аԥсы шахеиҵаз, аха иалалаз аҭыԥҳацәа рхала ракәхеит.

Олек Чуаз Гәдоуҭа еиҿкааз аестрадатәи жәлар рашәаҳәаратәи, рыкәашаратәи коллективқәа рҿгьы ахкы нагӡаҩцәа дреиуан. Аԥсны ахи аҵыхәеи имҩаԥысуаз аконцертқәа дрылахәын.

Марина Жиба - Sputnik Аҧсны
Марина Жьиԥҳа: ашәа аныҟам, саргьы сыҟам

Амузыка анаҩсгьы, Олек Чуаз иқәманшәалахон аспорт. Шықәсқәак деиҳабын иқыҭаҿы иҟаз Аспорттә хеилак. Аамҭала ашьапылампыл дасуан, убас иазыҟаиҵон Дәрыԥшьтәи акоманда. Ихылаԥшрала, аҽырыҩреи, атлетика ласи, анапылампыли уҳәа рҟны Дәрыԥшьтәи акомандақәа изныкымкәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылахьан.

1985 шықәсазы, Гагра ақалақьтә комитет апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩс иҟаз Енвер Қапба иааԥхьарала, Гагра иаԥҵахо иалагеит раԥхьатәи аԥсуа естрадатә гәыԥқәа, ашәаҳәаратәи акәашаратәи коллективқәа. Усҟантәи аамҭазы, Бзыԥҭа аҳабла заҵәык аҟны, Баграт Багаҭелиа еиҿикаахьан, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, аџьеи рветеранцәа рыла ишьақәгылаз ансамбль "Кьиараз".

Роза Чамагәуаԥҳа: уус гәыкала уаназыҟоу, иумыцааир, иумықәҿиар ҟалаӡом>>

"Енвер Қапба ибзоурала, гәыԥҩык Аԥсны ахи аҵыхәеи рыҟнытә амузыкантцәа ҿарацәа Гаграҟа ҳааит. Араҟа Оҭар Хәынҵариа инапхгарала аестрадатә гәыԥ "Абааҭеи" Баграт Багаҭелиеи Лев Қьецбеи рымчала жәлар рашәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль "Афырҭыни" аԥҵахеит. Изныкымкәагьы, аҳәаанырцә агастрольқәа ҳаманы ҳцахьан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа, арҭ аколлективқәа ахԥша бзиа змаз ракәын", - игәалашәоит артист.

Олек Чуаз аҵыхәтәантәи 20 шықәса Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" дахкынагӡаҩуп. Уи ашьаҭаркҩы, асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Баграт Багаҭелиа иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, аколлектив ԥхьаҟа агара знапы ианҵаз иара иоуп.

Спектакль Софичка в рамках фестиваля искусств Фазиля Искандера Стоянка человека. - Sputnik Аҧсны
Аҭацаагарашәа "Радеда" шыҟалаз

"Кьараз" инаваргыланы, Олек Чуаз ахкы наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Назырбеи Ебжьноу напхгара зиҭо Пицундатәи ансамбль "Абааҭеи", иара убас Аԥсны Жәлар рартист Уасил Царгәыш дызхагылоу, Аҳәынҭқарратә Жәлар рашәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбли рҟны.

"Сара сзы ҭакԥхықәра дуӡӡоуп, ҳарҵаҩы хазына Баграт Багаҭелиа иаԥиҵаз ансамбль напхгара аҭара. Хымԥада, иваҟәылара уадаҩуп, аха иааԥсара аҳаҭыр азы, схы самеигӡакәа исылшо зегь ҟасҵоит аколлектив ԥхьаҟа агараҿы", - иҳәоит иара.

Чуаз: ансамбль "Кьараз" аиқәырхароуп хықәкыс исымоу>>

Иахьазы, "Кьараз" аҿы ишәаҳәоит, икәашоит 31-ҩык алахәцәа, урҭ реиҳараҩык Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп. Ансамбль арепертуар атәы уҳәозар, 30 инарзынаԥшуа ашәақәа рымоуп.

© Foto / Саида ЖибаГагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз"
Кьараз есышықәса иҿахоит - Sputnik Аҧсны
Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз"

"Ҳамеигәырӷьар залшом, ҳколлектив аҿар ахьалагылоу. Дара роуп ҳзырԥшӡо, ҳзықәгәыӷуа. Шәара ижәдыруеит, жәлар рашәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбльқәа рҿы еиҳарак аҿар гәацԥыҳәарала акәашара рхы шазыркуа, аха аҵыхәтәантәи аамҭазы, ҳара ҳҿы ашәаҳәара иазҟазоу рхыԥхьаӡара иацлеит, рыӡбахәгьы сымҳәарц залшом, аԥсуа жәлар рашәақәа зықәҿиуа, зыбжьы ссиру Инар Жьибеи, Аинар Ҟәланбеи, Сурам Агрбеи", - азгәеиҭоит "Кьараз" асахьаркыратә напхгаҩы.

Еиуеиԥшым аԥшшәқәа рыла адунеи збо асахьаҭыхыҩ хәыҷы Дамеи Чуаз иабадырра>>

Баграт Багаҭелиа ихаангьы, Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" Аԥсныи уи анҭыҵи иарбан фестивальзаалак, ма еицлабразаалак излахәыз аҟны, аԥхьахәтә ҭыԥ, мамзар "Гран-При" рымгакәа иҟамлацызт. Ари атрадициа иацҵоуп иахьагьы.

Олек Чуаз иаҳзеиҭеиҳәеит ансамбль иалоу зегьы музыкада рыԥсҭазаара шырымбо.

Алик Чуаз - Sputnik Аҧсны
Арадио
Чуаз Нальчик имҩаԥысуаз аицлабра иазкны: аԥсуа студентцәа ҳгәы ҟарҵеит

"Ҽнак ԥсыуа ашәак ҳмаҳар, ҳачмазаҩхоит. Амузыка ҳаԥсҭазаара арлашоит, ашәа хаа ҳгәы арԥыруеит, ҳақәра иагнархоит, иҳалагылоу аҿар ҳраҟароушәа ҳҟанаҵоит", - инаҵеишьит артист.

Олек Чуаз хаҭала бзиа иибо ашәақәа аликаарц саниҳәа, иазгәеиҭеит еилых шимам. Аха сара, азыӡырҩык иаҳасабала азин сымоуп сгәы иақәшәо алхра. Урҭ иреиуоуп "Аԥхьарца", "Озбақь ахаҵа", "Ахрашәа". "Аԥсуа чара" захьӡу амузыкатә композициа акәзар, уи Аԥсныи анҭыҵи ихнаххьоу рацәаҩӡоуп.

"Кьараз" ҳтәылаҿы адагьы, абзиабаҩцәа амоуп Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәеи Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуааи рыбжьарагьы.

Аԥсҭазаара угәазырԥхо, игәышьҭыхгоу, ихәрарӷьагоу ашәақәа рыла иҭәызааит ҳдунеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0