Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукРашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атурнир иалахәуп Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи аспортсменцәа, иара убасгьы Краснодартәи атәылаҿацәи Ареспублика Адыгеиеи рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, СССР ачемпион, Европа ачемпион Рашь Хәытаба ихьӡ зху Зых иақәиҭу ақәԥаразы XXVI Жәларбжьаратәи атурнир аатит Аҟәа, ареспубликатә спорттә школ аҟны.

© Sputnik / Томас ТхайцукРашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
1/3
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа
© Sputnik / Томас ТхайцукРашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
2/3
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа
© Sputnik / Томас ТхайцукРашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
3/3
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа
1/3
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа
2/3
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа
3/3
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа

Алахәылацәеи асасцәеи аԥсшәа реиҳәеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аиндаҭлара традициак аҳасабала ишымҩаԥысуа.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара егьырҭ аспортхкқәа рҟынгьы. Ҳара иаҳҭахуп атәылаҿ аспорт еизҳазыӷьаларц, аҿар рхы аладырхәларц. Аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵоит атәылаҿы аспорт аҿиара аиурц", - иҳәеит атәыла ахада.

Иара иазгәеиҭеит азал дуқәа ыҟазҭгьы шшьахәыз, иҳәеит агәра шиго аԥсуа спорт аԥеиԥш ду шазыԥшу азы.

Зых иақәиҭу ақәԥараз Европа ачемпионат аԥснытәи аспортсмен далахәхоит>>

Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит атурнир алахәылацәа, иагьырзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

"Иаҵахо ҳәа аӡәгьы дҟалом", - иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукРашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аҟны аԥхьахәқәа
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аҟны аԥхьахәқәа

Абри ашьҭахь ажәа ирҭеит Жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, СССР ачемпион, Европа ачемпион Рашь Хәытаба.

"Сара атурнир алахәылацәа зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Ҳара зегьы ибзианы иаҳгәалашәоит раԥхьатәи атурнирқәа дышрылахәыз Аԥсны раԥхьатәи ахада – Владислав Арӡынба, Кавказ зегь аҟынтәи акомандақәа шаауаз. Ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, анасыԥ", - иҳәеит Хәытаба.

Рауль Ҳаџьымба идикылеит Ақәԥаразы Урыстәыла аолимпиатә еидгыла алахәылаҩцәа>>

Аҳаҭыртә сасык иаҳасаб ала атурнир ихы алаирхәуеит зых иақәиҭу ақәԥара аусхк аҟны адунеи аҿы еицырдыруа, Аолимпиатә хәмаррақәа хынтә ирчемпионхахьоу, фынтә Европа иачемпионхахьоу, ԥшьынтә Урыстәыла иачемпионхахьоу, Урыстәыла аспорт азҟаза Буваисар Саитиев.

"Сара даара агәахәара снаҭоит Аԥсны раԥхьаӡа акәны сахьаҭааз. Иҭабуп ҳәа ахысҳәаауеит сҩыза, сашьа Баграт Хәытаба (Аԥсны аспорт азы аилак ахантәаҩы – аред.) исиҭаз ааԥхьара. Акрааҵуан шәреспублика саҭаар сҭахижьҭеи", - иҳәоит Саитиев.

© Sputnik / Томас ТхайцукРашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир асас Буваисар Саитиев
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир асас Буваисар Саитиев

Аиндаҭларақәа рыӡбаҩ хада Виктор Козлиаков еиҭеиҳәеит сынтәа атурнир ишалахәу Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи аспортсменцәа, иара убасгьы Краснодартәи атәылаҿацәи Ареспублика Адыгеиеи рҟынтәи.

Аԥснытәи аспортсменцәа зых иақәиҭу ақәԥараз Урыстәыла ачемпионат ахь инеит>>

"Аицлабрақәа ирылахәхоит 2000 - 2003 шықәсқәа рзы ииз арԥарацәа", - иҳәеит иара.

Жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, СССР ачемпион, Европа ачемпион Рашь Хәытаба ихьӡ зху зых иақәиҭу ақәԥаразы XXVI Жәларбжьаратәи атурнир хыркәшахоит лаҵара 5 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0