Гагра еиҿкаауп ахәыҷқәа-аинвалидцәа рзы хәыда-ԥсада ацәеижьхәара

© Foto / Саида ЖибаАхәшәтәратә цәеижьхәара
Ахәшәтәратә цәеижьхәара  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа-аинвалидцәа рзы хәыда-ԥсадатәи ахәшәтәратә цәеижьхәара Гагратәи Аортопедиатә центр аҟны имҩаԥылгоит Ахәыҷқәа-аинвалидцәа рҭаацәа рхеилак анапхгаҩы Виолетта Гагәылиаԥҳа.

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Ахәыҷқәа-аинвалидцәа рҭаацәа рхеилак анапхгаҩы Виолетта Гагәылиаԥҳа Гагра ақалақь Аортопедиатә центр аҟны ҩымчыбжь раахыс есыҽны Аҟәантәи дааны, хәыда-ԥсада ахәыҷқәа-аинвалидцәа рзы имҩаԥылгоит ахәшәтәратә цәеижьхәареи абаҩрҵәыреи.

Руслан Когония - Sputnik Аҧсны
Арадио
Коӷониа: Аԥсны аинвалидцәа рзы иаԥҵоу аҭагылазаашьақәа маҷуп

Иазгәаҭатәуп, ахәыҷқәа-аинвалидцәа рзы Ацентр Гагра араион аҿы ишыҟам. Убри инамаданы, аҭаацәа Урыстәылаҟа, мамзаргьы Аҟәаҟа ахәыҷқәа ганы, иахәҭоу амедицинатә цхыраара рырҭоит. Хымԥада, шықәсык ҩынтә-хынтә ахәшәтәратә цәеижьхәара, мамзаргьы абаҩрҵәыра зҭахқәоу ыҟоуп. Арҭ апроцедурақәа Аԥсны анҭыҵ рымҩаԥгара ахарџь маҷымкәа иацуп, иҟалалоит аҭаацәа ианбжьарыжьуа, уи хымԥада ахәыҷқәа ргәабзиара ианыԥшуа иалгоит.

Виолетта Гагәылиаԥҳа лхаҭа длымоуп ахәыҷы-инвалид. Убри аҟнытә лыԥсҭазаара азылкарц лыӡбеит згәы бзиам ахәыҷқәеи рҭаацәеи ацхыраара арыҭара.

"Сара аамҭала Гагра сынхон. Аха ДЦП змоу схәыҷы аҭыԥ аҟны амедицинатә цхыраара иоуртә еиԥш изыҟамлазт, Аҟәаҟа ҳцеит. Абаҩрҵәыра ахырхарҭала азанааҭ исымаз, ахәара акурсқәа рыла ихарҭәааны, ахәшәтәратә хәара мҩаԥызго салагеит. 2001 шықәсазы иаԥысҵеит Ахәыҷқәа-аинвалидцәа рҭаацәа рхеилак. Уи нахыс ахәыҷқәа-аинвалидцәеи рҭаацәеи изласылшо ала срывагылоуп", - еиҭалҳәоит Виолетта Гагәылиаԥҳа.

Ҩымчыбжь ирылагӡаны, ахәшәтәратә баҩрҵәыра амҩақәҵаҩ, есыҽны 12-ҩык ахәыҷқәа аинвалидцәа аус рыдуло, иарбоу акурс ихлыжьит.

Пресс-конференция ко Дню борьбы за права инвалидов - Sputnik Аҧсны
Алхас Ҭҳагәышь: Аԥсны иҟоу ахамыхәацәа ирзымхо рацәоуп

"Сара сыԥҳа лыбӷашшара џьыҟәуп. Есышықәса Урыстәыла дганы ахәшәтәратә хәара лзымҩаԥаагон, аха ҳфинанстә ҭагылазаашьа иахырҟьаны, ҵыԥх ибжьаҳажьит, уи хымԥада лгәабзиара ианыԥшит. Урыстәыла сааҭк азы 700 мааҭ ҳшәозҭгьы, Виолетта Гагәылиаԥҳа хәыда-ԥсада ахәыҷы лхьаақәа лыртәеит. Ас еиԥш иҟоу ахәшәтәратә хәара 18 лхыҵаанӡа, шықәсык ахь ҩынтә-хынтә илзулатәуп", - иҳаилиркааит аб Асҭан Арсҭаа.

Ахәшәтәратә баҩрҵәыра амҩақәҵаҩ хәыда-ԥсада Гагра ахәыҷқәа-аинвалидцәа ацхыраара ахьрылҭо имчымхоу аҭаацәарақәа рзы игәырӷьара духеит.

Виолетта Гагәылиаԥҳа лажәақәа рыла, Асоциалтә еиқәыршәара Гагратәи аҟәша илынаҭаз адыррала, иахьа официалла, Гагра араион аинвалидра змоу ахәыҷқәа сиала 122-ҩык ыҟоуп.

"Ақьаад санахәаԥш, даараӡа сгәы сыхьит. Гагра ақалақь аҿы 77-ҩык ашәҟәы иануп, Ԥсахара ақыҭан - 13-ҩык, Пицунда - 9-ҩык, Бзыԥҭа - 8-ҩык, Цандрыԥшь - 15-ҩык. Агәра шәсыргоит, ишырацәоу ашәҟәы иҭагалам. Абас аҭагылазаашьа шыҟоугьы, Гагра ахәыҷы-аинвалид дызманы аԥшаҳәаҿы инеиааиуа, мамзаргьы апарк ахь дназго уаҩ дсымбацт. Уи иҳанаҳәо, аҭаацәа рхәыҷқәа ԥхаршьоит, рхаҭагьы апсихологиатә цхыраара рыгуп ауп. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ахәыҷы-инвалидгьы ишиҭаху азҿлымҳара, аилазаара алахәра. Убри аҟнытә, Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿеиԥш, Гаграгьы иаԥҵатәуп ахәыҷқәа-аинвалидцәа рзы Ацентр, уи згәы бзиам аҳәыҷқәа реиԥш, аҭаацәагьы еиднакылоит, амҩа иаша иқәнаҵоит", - лҳәоит лара.

Афонд "Аԥсны" аинвалидцәа Рхеилак хылаԥшра знаҭо ауаа ацхыраара рнаҭеит>>

Аҭагылазаашьа лхы иархәаны, Виолетта Гагәылиаԥҳа Гагра араион Ахадара рахь аҳәара ҟалҵоит, ахәыҷқәа-аинвалидцәа рзы Ацентр еиҿыркаарц. Убас иҭабуп ҳәа иалҳәоит Ареспубликатә гәабзиарачаԥарҭатә центр аҳақьым хада Валери Аҩӡба, ихылаԥшраҿы иҟоу Аортопедиатә центр аҟны аамҭала  ахәыҷқәа-аинвалидцәа рзы ахәшәтәратә цәеижьхәареи, абаҩрҵәыреи рымҩаԥагаразы алшара ахьлиҭаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0