Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Хаджимба
Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 20 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыбжьы рҭиит ахада иалхрақәа ррыцхә аиҭагара иаҿагыланы.

АҞӘА, лаҵара 23 — Sputnik. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит, абри атәы аанацҳауеит Ахада иофициалтә саит.

Президент Абхазии Рауль Хаджимба на вечере в честь 26-летия Министерства по репатриации Абхазии, 25 марта 2019 - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Апарламент ирыдигалеит Аконституциатә закәан аԥсахрақәа ралагаларазы

Лаҵарамза 21 рзы Жәлар Реизара ахәаҧшразы инашьҭын "Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аҧсахрақәа ралагаларазы Азакәан апроект.

"Ирыдгалоу азакәанапроект Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа, аус зуа азакәанҧҵара инақәыршәаны, Ахада иконституциатә зинмчқәа рыҿҳәара аҳәаа иҭагӡаны азинтә шьаҭа анаҭоит ахада иалхрақәа ррыцхә 2019 шықәса ҧхынгәымза 21 аҟнытә нанҳәамза 25 рахь аиагарала аҧсахразы", - аҳәоит анашьҭымҭаҿы.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла, абри ажәалагалазы аӡбамҭа адкылара ҟалеит ҷыдарыла ахада иалхрақәа рыламҭалазы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалара хықәкыс иҟаҵаны.

Атәыла ахада адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟаҵо иҳәеит неилымхрада зегьы, политикатә дунеихәаҧшрас, зеиҕьашьарақәас ишәымазаалак, азакәан апроект адгылара ашәҭарц азы.

Рауль Ҳаџьымба- Аԥсны Атәыла хадас далхын цәыббра 25 2014 шықәсазы. Инапынҵақәа рыҿҳәара нҵәоит цәыббра 25 2019 шықәсазы.

Митинг оппозиционных сил у здания Парламента  - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра анапхгареи аоппозициеи еиқәшаҳаҭхеит

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Аганқәа рыҩбагь аҩаша, лаҵара 21 рзы еиқәышаҳаҭрак иазкылсит.

Акциа алахәылацәа ақәшаҳаҭхеит атәыла ахада иалхра аҿҳәара ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәа 25 ахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0