Ахәыҷра аныҳәа: агәыҳалалратә акциа "Иқьиоу акартош" Аҟәа имҩаԥысуеит

© SputnikАкциа "Иқьиоу акартош"
Акциа Иқьиоу акартош - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" аҟны идырҳауа аԥара афонд "Ашана" иахыԥхьаӡалоу ахәыҷқәа Леон Қриеи Амир Ҳалуашьи рыхәышәтәрахь ирышьҭуеит.

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афонд "Ашана" имҩаԥнаго акциа "Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" мҩаԥысуеит Аҟәа, "А-бургер" захьӡу ақьафурҭақәа ҩба рыҟны Ахәыҷқәа рыхьчара амш рашәара 1 аҽны.

Акциа "Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" раԥхьаӡа имҩаԥысит 2017 шықәсазы, уи аахижьҭеи уи традициа бзианы аара иаҿуп. Уажәазы идырҳауа аԥара афонд "Ашана" иахыԥхьаӡалоу ахәыҷқәа Леон Қриеи Амир Ҳалуашьи рыхәышәтәрахь ирышьҭуеит. Леони Амири рыхәышәтәразы 50 нызқь мааҭ еизыргахьеит, иҵегьы иаҭахуп 200 нызқь мааҭ.

© SputnikАкциа "Иқьиоу акартош"
Ахәыҷра аныҳәа: агәыҳалалратә акциа Иқьиоу акартош Аҟәа имҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Акциа "Иқьиоу акартош"

Агәыҳалалреи ақьиареи рныҳәа иалагеит асааҭ 12:00 рзы "Сухум-маркет" аҟны иҟоу ақьафурҭа "А-бургер" аҟны. Ари акциа иадгыларц иааит фаст-фуд бзиа изымбо, аха ачымазаҩцәа хәыҷқәа ирыцхраарц зҭаху ауаа. Џьоукы баша аԥара аанрыжьуан, акгьы аамхәаӡакәа, даҽа џьоукых акартош, кока-кола, акаҳуа уҳәа аархәон.

Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Мактина Џьынџьалԥҳа акциа "Иқьиоу акартош" атәы

Адуцәа рхәыҷқәа рыманы акассаҟны инеиуан, урҭ ишыхәыҷу ирыларааӡар рҭахуп ақьиара. Атәарҭақәа рнаҩс ахәыҷқәа рзы атеатртә қәгыларагьы мҩаԥысуан.

"Акциа бзианы ацара иаҿуп. Арахь иааит аҭаацәа рхәыҷқәа рыманы, егьырҭ ашықәсқәа раан еиԥш. Ахәыҷқәа рзы ҩ-сааҭк ицо анимациатә программа еиҿкааны иҳамоуп. Леон имҩаду аҿы иҟоу "А-бургер" аҿгьы активла имҩасып ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - азгәалҭеит афонд "Ашана" анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.

Акциа излазԥхьагәанаҭо ала, акартош ӡны ("картофель фри" - ред.) порциак аазхәо ирҭоит "Агәыҳалалра амхылдыз", уи ашьҭахьтәи аган алотереиатә номерқәа анын. Анаҩс уи алотереиаҟны иаиааиуа агәаларшәагатә ҳамҭақәа рырҭеит.

Есышықәса ишыҟарҵалац еиԥш, ари акциа иадрыԥхьалоит Аԥсны еицырдыруа, аекранқәа рыҟны лассы-ласс ицәырҵуа ауаа, афонд апартниорцәа, урҭ акассаҿы игыланы, акартош рҭиуеит.

Афонд Ашана аԥареизгара хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Шәыцхыраара ҳҭахуп: Афонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит

16:00 инаркны 19:00 рҟынӡа агәыҳалалратә акциа иацырҵоит амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу "А-бургер" аҟны. 16:30 инаркны 17:30 рҟынӡа ахәыҷқәа рзы анимациатә программа ҟалоит, уи ашьҭахь ансамбль "Каданс" артистцәа инарыгӡоит зегьы бзиа еицырбо ашәақәа.

Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны - акциа "Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" аинформациатә партниорс иҟоуп.

Аԥхынра актәи амш азы иазгәарҭо Ахәыҷқәа рыхьчара амш жәларбжьаратәи аныҳәақәа рахьтә еиҳа зхыҵуа иреиуоуп. Уи адунеи аҟны иазгәарҭо иалагеит 1950 шықәса инаркны. Иара амҩаԥгара аҭахуп ҳәа аӡбеит Аҳәса жәларбжьаратәи рдемократиатә федерациа иҷыдоу асессиаҟны 1949 шықәса абҵарамзазы. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара ари аԥшьгамҭа иадгылеит, иагьрыланаҳәеит иара аусураҟны ахәыҷқәа рзинқәеи, рыԥсҭазаареи, ргәабзиареи рыхьчара ихадоу хырхарҭаны ишыҟало.

Ажәабжьқәа зегьы
0