Аԥснытәи аспортсменцәа қәҿиарала Адунеизегьтәи ахәмаррақәа хдыркәшеит

© Foto / Татьяна Эмухвари14-15 шықәса зхыҵуа Аԥснытәи аспортсменцәа злахәу V Адунеизегьтәи аџьынџьуаа қәыԥшцәа рыхәмаррақәа
14-15 шықәса зхыҵуа Аԥснытәи аспортсменцәа злахәу V Адунеизегьтәи аџьынџьуаа қәыԥшцәа рыхәмаррақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
14-15 шықәса зхыҵуа Аԥснытәи аспортсменцәа злахәыз V Адунеизегьтәи аџьынџьуаа қәыԥшцәа рыхәмаррақәа мҩаԥысуеит Ханты-Мансииск, рашәара 1 - 6 рзы.

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи амҵәышәампыласцәа актәи аҭыԥ ааныркылеит, ашьапылампыласцәа ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит V Адунеизегьтәи аџьынџьуаа қәыԥшцәа рыхәмаррақәа рҿы ҳәа еиҭалҳәоит Аԥсны Аҵара аминистрра абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҟазауаҩ Татиана Емхааԥҳа.

"Амҵәышәымпыл аҿы ҳкомандеи Монголиа акомандеи еицыхәмаруан. Ҳара ҳтәқәа аиааира ргеит 11:3 ҳәа. Ашьапылампыл аҟны Румыниа акоманда иацыхәмаруан. Аиааира ргеит 5:0 ҳәа, аха ари ахԥатәи аҭыԥ азы еиндаҭларан", - лҳәоит лара.

Афинал ахь ҳшьапылампыласцәа зымнеит, избанзар уаанӡа Киргизиа акоманда 1:0 ҳәа иаҵахахьан.

Аԥсуа спортсменцәа Адунеизегьтәи ахәмаррақәа рҿы аиааирақәа ргара иаҿуп>>

Аԥснытәи аспортсменцәа рашәара хәба рзы Москваҟа инеит уа иеиҿкаау акультуратә программа ахалархәразы. Аҩныҟа ихынҳәуеит рашәара 6 рзы.

V Адунеизегьтәи аџьынџьуаа қәыԥшцәа рыхәмаррақәа ирылахәын 600-ҩык аспортсменцәа, 61 тәыла рҟынтәи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0