Иааԥсаны, аха агәалаҟазаара рыманы: Аԥсныҟа ихынҳәит ҳшьапылампыласыҩцәа

© Sputnik / Томас Тхайцукашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьиа
ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амилаҭтә команда Ашьха Ҟарабах имҩаԥысуаз ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA аҟны ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит.

АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны амилаҭтә команда Ашьха Ҟарабах имҩаԥысуаз ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA аҟынтәи аҩныҟа ихынҳәит аҩаша, рашәара 11 рзы.

Аԥсны акоманда Чамериа ианаиааи ашьҭахь - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоманда ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит ConIFA-2019 ЕА аҿы

Ачемпионат апризиорцәа аҳәааҿы ирԥылеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьиа, Sputnik акорреспондентцәа.

Аспортсменцәа ражәақәа рыла, дара маҷк амҩа ишарааԥсазгьы ргәалаҟазаара бзиоуп. Акоманда акапитан Шабаҭ Логәуа еиҭеиҳәеит Степанакертнтәи Еревантәи аҳаиртә баӷәазаҟынӡа быжьсааҭк амҩа ишықәыз. Ереванынтәи Шәачанӡа - аҽа сааҭк агеит.

"Ҳцәаныррақәа рацәоуп. Ачемпионат ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥган. Ауаа ракәзар гәыкала иаҳзыҟан", - иҳәоит Логәуа.

Ахьчаҩ Асҭамур Ҵышәба иазгәеиҭеит Ашьха Ҟарабах Аԥсны аӡбахә бзианы ишырдыруа. Степанакерт акәзар, оумашәа иигәаԥхеит.

Ахәмарыҩ Данило Арӡынба Ҟарабах ауааԥсырагьы аԥсуаа реиԥш асасдкылара бзиа ирбоит иҳәеит. Иара иажәақәа рыла, ҳкомандаз иуадаҩхеит Мраҭашәаратәи Ермантәыла ацыхәмарра.

"Акоманда, иӷәӷәоу командоуп. Азыҟаҵара амоуп", - иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсныҟа ихынҳәит ҳшьапылампыласыҩцәа
Иааԥсаны, аха агәалаҟазаара рыманы: Аԥсныҟа ихынҳәит ҳшьапылампыласыҩцәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа ихынҳәит ҳшьапылампыласыҩцәа

Амилаҭтә команда азыҟаҵаҩ Беслан Аџьынџьал иазгәеиҭеит ашьапылампыласцәа ибзиан рхы шаадырԥшыз.

"Аӡәгьы ихәмарра бааԥсын сызҳәом. 100% ирылшоз ҟарҵон. Пенальти – лотереиоуп", - иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьиа амилаҭтә команда ичеиџьыка инапы иқәыргыланы дырԥылеит. Ахәмарыҩцәагь аџьаз иалху Ахраҿа инапы иадыркит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсныҟа ихынҳәит ҳшьапылампыласыҩцәа
Иааԥсаны, аха агәалаҟазаара рыманы: Аԥсныҟа ихынҳәит ҳшьапылампыласыҩцәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа ихынҳәит ҳшьапылампыласыҩцәа

"Сара алҵшәа бааԥсуп сызҳәом. Ҳәарада ҳаиӷьхаргьы ауан, аха иҟоу ыҟоуп. Европа ачемпионат аҿы ахԥатәи аҭыԥгьы узеигәырӷьаша акоуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны амилаҭтә команда Ашьха Ҟарабах имҩаԥысуаз ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA аҟны ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0