Ҳаџьымба: Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҩаӡара ҳарак ахь инеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба
Рауль Ҳаџьымба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәарамза 11 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Амш инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны Урыстәыла ажәлар дрыдныҳәалеит.

АҞӘА, рашәара 12 – Sputnik. Жәларбжьаратәи амчрақәак Урыстәыла имҩаԥысуа апроцессқәа ишырҿагылогьы, адунеитә геополитикаҿы Урыстәыла иналукааша ҳәынҭқарроуп ҳәа иҳәеит рашәарамза 11 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Амш инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны иқәгылараан.

"Урыстәыла аҭоурых ҿыц аҟны 1990 шықәса рашәарамза 12 арыцхә иҷыдоу актуалреи аполитикатә ҵаки аиуит. Абри амш аҽны ирыдыркылеит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа. Акрызҵазкуа ари ахҭыс урыстәылатәи аҳәынҭқарратәра ашьақәгылареи ашьақәырӷәӷәареи, зҭоурыхтә мҩа Урыстәыла алахьынҵа, уи аихьӡара дуқәа ирыдызҳәало ажәларқәа зегьы реидкыларазы иҟаҵоу шьаҿа ӷәӷәаны иҟалеит", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Жәларбжьаратәи амчрақәак Урыстәыла аглобалтә процессқәа ралахәра аԥырхагахара рыҽшазыршәогьы, адунеитә геополитикаҿы ихадароу аҭыԥ аанызкыло аҳәынҭқаррақәа ируакуп.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ адкылара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ адкылара мҩаԥысит

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназханаҵа анаҩс, аҩҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа хаҳарала аҿиарамҩа ҿыц ианылеит. Аамҭа-аамҭала анагӡара иаҿуп Урыстәылеи Аԥсныи ирыбжьоу "Аидгылареи астратегиатә партниорреи рзы" Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә дгылара иазку апрограмма қәҿиарала анагӡара иаҿуп ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Ахада.

Ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟала аиҭаира амҩа иану Урыстәыла ауадаҩрақәа, аамҭа хьанҭақәа ириааны, хьыӡла-ԥшала амилаҭтә интересқәа рыхьчара, арратә мчхара, атәылахьчаратә лшара арӷәӷәара алшеит, иахьагьы арра-стратегиатәи еиҳа хадара злоу асоциалтә-економикатәи уснагӡатәқәа рыӡбара зылшо апроект дуқәа рынагӡара иаҿуп ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.

Иара убасгьы дазааҭгылеит "Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы" Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа маҷ-маҷ рынагӡара шалыршахо, Аԥсны асоциал-економикатә цхыраара апрограмма хра аманы ишаларҵәахо.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0