Афонҿыцтәи аҳаԥы ахәашагьы аус аулоит

© Sputnik Томас ТхайцукАфонҿыцтәи аҳаԥы
Афонҿыцтәи аҳаԥы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонҿыцтәи аҳаԥы аԥсшьарамш азгьы аус аулоит рашәара 17 инаркны.

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik, Бадри Есиава. Атуристтә фирмақәа иҟарҵаз аҳәарала, Афон ҿыц аҳаԥы аҭааҩцәа аднакылалоит рашәара 14 инаркны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аҳаԥы адиректор ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр.

"Уажәтәи аграфик ала аҳаԥы аҭааҩцәа аднакылоит аҩаша, ахаша, аԥшьаша, иара убас аԥсшьарамшқәа рзы. Уажәы ҳара иҳаӡбеит ахәашагьы аус аауларц. Есыҽны аҳаԥы аус аулоит рашәара 17 инаркны", - иҳәеит Смыр.

Иара иажәақәа рыла, сынтәа лаҵара 1 - 10 рзы ҵыԥхтәи аамҭа иадкылан уахәаԥшуазар, Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара акыр еиҳауп.

Аҳаԥы ахыбра хада аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп, хара имгакәа уи асасцәа аднакылалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0