Амчыбжь азтәи акультуратә афиша

© Foto / РУСДРАМ"Ҳаџьы-Мураҭ" Саранск ианықәгылоз
Ҳаџьы-Мураҭ Саранск ианықәгылоз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит Аԥсны ахы-аҵыхәа имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа зныԥшуа амчыбжь азтәи акультуратә афиша.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Рашәара 17 - 23 рзтәи акультуратә афиша

РУСДРАМ

Аурыс драматә театр аҿы еиҭадырбахоит аспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ" - Лев Толстои иҩымҭа амотивқәа ирылхны иқәыргылоу.

Рашәара 20 асааҭ 19:00 рзы РУСДРАМ аҿы идырбахоит ахәыҷтәы спектакль "Сашьа Ажьа & Сашьа Бгахәыҷы" (арежиссиор Анастас Кичик).

© Sputnik / Илона ХварцкияРУСДРАМ ахәыҷтәы спектакль "Сашьа Ажьа & Сашьа Бгахәыҷы"
Амчыбжь азтәи акультуратә афиша - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ ахәыҷтәы спектакль "Сашьа Ажьа & Сашьа Бгахәыҷы"

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр

Рашәара 18 асааҭ 19:00 рзы иддырбоит аспектакль "Аҳ деилазгаз". Апиеса 1970 шықәса рзы иҩын. Авторцәа - актиор, арежиссиор Хәыта Џьапуеи апублицист Саҭбеи Хәаҭланӡиеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа драматә театр аспектакль "Аҳ деилазгаз"
Амчыбжь азтәи акультуратә афиша - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа драматә театр аспектакль "Аҳ деилазгаз"

Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр

Аҿар ртеатр аҿы рашәара 19 асааҭ 18:30 рзы иддырбоит аспектакль "Ауаҩы аамысҭашәа" (Едуардо де Филиппо).

© Sputnik Томас ТхайцукАҿар ртеатр аспектакль "Ауаҩы аамысҭашәа"
Амчыбжь азтәи акультуратә афиша - Sputnik Аҧсны
Аҿар ртеатр аспектакль "Ауаҩы аамысҭашәа"

Гәылрыԥшь

Рашәара 18 асааҭ 15:00 рзы Акультура ахан аҿы имҩаԥысуеит ахореографиатә-вокалтә конкурс "Ажәлар ракзаареи реиҩызареи" аконцерт хада.

Очамчыра

Рашәара 20 асааҭ 18:00 рзы Акультура ахан аҿы имҩаԥысуеит авокалтә конкурс "Орфей".

© Фото : Вокальный конкурс OrpheusАвокалтә конкурс "Орфей"
Амчыбжь азтәи акультуратә афиша - Sputnik Аҧсны
Авокалтә конкурс "Орфей"
Ажәабжьқәа зегьы
0