Аԥсны АҶА амшынмҩа гәаҭо Шәачанӡа инаӡеит

© Foto / МЧС АбхазииАԥсны АҶА Шәачанӡа аҳәаа иахысит амшынмҩа агәаҭаразы
Аԥсны АҶА Шәачанӡа аҳәаа иахысит амшынмҩа агәаҭаразы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа ирмарианы ахысра шьақәырӷәӷәоуп 2011 шықәса рзы анапы зҵарҩыз аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрала.

АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу аиқәырхаратә катер раԥхьаӡа акәны Аԥсныи Урыстәылеи рымшынтә ҳәаа иахысит. Уаанӡа ус еиԥш иҟамыз алшарақәа иахьа изыбзоурахаз, уи хықәкыс иамоу атәы, насгьы уи ареис аныҟәараз ҭагылазаашьақәас иаԥҵахо атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

Аԥсны АҶА аҟны аиԥылара - Sputnik Аҧсны
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан аиқәырхаҩцәа аҳәаа рахысра армариара иалацәажәеит

Аминистр иажәақәа рыла, амшынмҩала ацхыраара иаҳа лассы иҟауҵар алшоит, 2-3 сааҭ рыла Шәача абаӷәазаҿы унаӡар ҟалоит. Амшынмҩала аҳәаа ахысра еиҳа уарманшәалоит аиҳаракгьы ааха змоу ауаҩы иаарласны Урыстәыла иахьаҵанакуа ахәышәтәырҭахь днагатәызар.

"Аиԥылараҿы амшынтә ҳәаа ахысразы шәҟәыла зегьы еиқәыршәаны иҟаҳҵеит, шьҭа иаҭахны иҟалозар, уадаҩрада арыцҳара иақәшәаз ауаҩы Урыстәыла ацхыраара иоуртә еиԥш алшара ыҟазаауеит", - иҳәоит Кәыҵниа.

Уажәшьҭарнахыс Аҟәантәи Шәачанӡа мшынмҩала анеира алшоит х-сааҭк рыҩнуҵҟала.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0