00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ихыҭҳәаам аҭоурыхқәа
18:04
25 мин
Новости
18:31
2 мин
Актуальный комментарий
18:46
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ихыҭҳәаам аҭоурыхқәа
21:04
25 мин
Новости
21:31
2 мин
Актуальный комментарий
21:46
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Такие обстоятельства
Сквозь призму памяти: как в Турции приняли выставку Батала Джапуа
18:47
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы Республикатә хәышәтәырҭа аргылара аҩнуҵҟатәи аусқәеи ахаҿра арԥшӡареи ретап аҿы инеины иҟоуп ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа.Иазгәеиҭеит актәи аихагылаҿы ишыҟало аклиника-диагностикатә ҟәша –КТ аппарат, арентген-аппарат, аендоскопиатә кабинет, аенцефалограмма, УЗИ, афымцакардиограмма ркабинетқәа рыманы.7 000 кв.м зҵазкуа аобиект аусура аларгара ргәы иҭоуп 2027 шықәса ԥхынгәымза аҽеиҩшамҭазы. Ахәышәтәырҭа дыргылоит 2023-2025 шықәсқәа рзтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсны аекономика аминистрра цәыббра 21 инаркны аусеиҿкааратә хархәагақәеи атехникеи раахәаразы имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгылара аҭара апрограмма алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара иалагоит.Адокументқәа рынашьҭра хыркәшахоит жьҭаара 2 рзы. Апрограмма алахәылацәа аарыхратә хархәагақәеи атехникеи рыхәԥса аҟынтәи 80% асубсидиа роур рылшоит, аха 1,6 млн мааҭ иреиҳамкәа."Убри аан асубсидиа зауа аарыхратә хархәагақәеи атехникеи раахәара аԥаразоужьраз ихатә лахәыра иахәҭоу амаругақәеи атехникеи рыхәԥсаҟынтә 20% иреиҵамзароуп", — ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Апартиа "Аԥсны акзаара" анапхгареи активи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков иԥылеит. Аиԥылара хықәкы хада — Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рактуалтә мшхәаԥштәи аҩ-тәылак рыжәларқәа реизааигәатәраҿы апартиатә дипломатиа иааннакыло аҭыԥи рылацәажәара."
Аԥсны Аҵара аминистрра атәыла ашколқәа зегьы рҿы арҵага шәҟәқәа разымхара инагӡаны иазхарҭәаауам ҳәа азгәалҭеит аминистр Хана Гәынԥҳа. 2022 шықәса раахыс Урыстәыла гуманитартә цхыраарак аҳасаб ала Аԥсны иазаанашьҭуеит Урыстәыла иҭыжьу арҵага шәҟәқәа, аха иаҳхаҳмыршҭлароуп ашәҟәқәа рхареи рцәыӡреи рфакторқәа ҳәа лҳәеит лара.Гәынԥҳа еиҭалҳәеит аминистрра амҳәыр заархоу арҵага шәҟәқәа онлаин ианырҭиуа, мамзаргьы адәқьанқәа рҿы ианцәырҵуа шаарԥшу, уи азин шыҟам.
"Уралтәи аҳаиреимадарақәа" Санкт-Петербургнтәи Аҟәаҟа иааиԥмырҟьаӡакәа ареисқәа хацдыркуеит жьҭаара 7 инаркны.Ҭагалан-аӡынтәи аамҭазы ишиашоу ицо ареисқәа мҩаԥгахоит аԥшьашеи амҽышеи 2027 шықәса хәажәкыра 25 рҟынӡа. Аԥырра аамҭа – 4 сааҭки 40 минуҭи. Аҳаиреилахәыра иара убасгьы аҟәантәи ишиашоу ицо ареисқәа рымаҵ ауеит:Москваҟа — хәажәкырамза нҵәаанӡа есыҽны.Екатеринбургҟа жьҭаара 25 инаркны аихшанҵа ахашеи асабшеи рыла аҽаԥсахуеит,Самараҟа — аԥыррақәа мҩаԥысуеит цәыббрамза нҵәаанӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0