Аиндаҭлара "Орфеи" афинал мҩаԥысуеит Очамчыра

© Фото : Вокальный конкурс OrpheusАмузыкатә проект "Орфеи"
Амузыкатә проект Орфеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амузыкатә еиндаҭлара "Орфеи" афинал мҩаԥысуеит Очамчыратәи Акультура ахан аҿы рашәара 20 асааҭ 19:00 рзы.

АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Амузыкатә проект "Орфеи" алахәылацәа ирзыԥшуп амаӡақәа ҳәа лҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз аиндаҭлара апресс-маӡаныҟәгаҩ Сельма Чагәааԥҳа.

"Иреиҳау ԥхьахәны иҟалоит Гран-при атәыла ахада иҟынтәи, иара убасгьы I – II аҩаӡара адипломқәа. Ҳамҭада аӡәгьы даанхом", - лҳәеит Чагәааԥҳа.

Апроект афинал ахь инеит 15-ҩык анагӡаҩцәа. Аиндаҭлара алахәылацәа реиԥш асценахь инеиуеит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа, аидеиа автор Валериа Адлеиԥҳа. Ақәгылаҩцәа рынагӡара ахә ршьоит хәҩык ажиури иалоу.

Лика Ҵәыџьԥҳа: "Орфеи" ахәыҷқәа даҽа гәыӷра лашак рнаҭеит>>

Аконцерт афинал аламҭалаз агәҭынчымра аадырԥшуеит алахәылацәа реиԥш аиҿкааҩцәагьы.

Авокалтә еиндаҭлара "Орфеи" хацыркын Очамчыра, ԥхынҷкәын 5 рзы. Апроект аидеиа авторс дамоуп "Ты супер!" актәи асезон аҟны иаиааиз Валериа Адлеиԥҳа.

Чагәааԥҳа апроект "Орфеи" азы: ақыҭа хәыҷқәа рбаҩхатәра амҩа азаанартыр ҳҭахуп>>

Аиндаҭлара хықәкыс иаман ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа апрофессионалтә сценахь рнагара, аиҳаракгьы ақыҭаҟынтәи ахәыҷқәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0