Афонд "Ашана" Анела Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнела Лакашьиаԥҳа
Анела Лакашьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Анела Лакашьиаԥҳа аԥҟара лзыҟаҵаразы аԥареизгара хацнаркит.

АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҽазныкгьы Анела аоперациа лзыҟаҵаразы 906 000 мааҭ аԥара аизгара аҭахуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Афонд Ашана аԥареизгара хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Шәыцхыраара ҳҭахуп: Афонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит

Анела лҭаацәа раԥхьаӡа акәны 2012 шықәсазы афонд ахь аҳәара ҟарҵеит ацхыраараз. Усҟан Анела лхала афатә лызлыдкыломызт, лҿы зынӡа х-сантиметрак акәын иахьынӡалзаартуаз. Иара убри ашықәс азы аоперациа лзыҟарҵеит. Уи ашьҭахьгьы хәынтә аоперациа маҷқәа лхылгеит.

Анела ахԥатәи акласс аҿы дантәаз гәаҳәарас илымаз лҩызцәа лгәы ишаҭаху рацәажәаракәын.

"Сҩызцәа сызхара срацәажәо сҟалар сҭахуп", - лҳәон Анела.

2015 шықәса рзы, нас 2017 шықәса рзы аоперациа дуқәа лхылгеит.

Анела уажәы 13 шықәса лхыҵуеит. Уажәшьҭа лара ишылҭахыз еиԥш ацәажәара лылшоит.

Акультура-гәыҳалалратә фонд Ашана Наала Аҩӡыԥҳа, Николь Хачатуриан, Сандра Инаԥшьԥҳа рзы аԥареизгара хацнаркуеит. - Sputnik Аҧсны
"Ашана" хҩык аиҩызцәа рзы аԥареизгара хацнаркуеит

Лан Марина Қәҭарԥҳа илҳәоит аԥхьа Анела аҳақьымцәа дышрыцәшәоз. Уажәы лыԥсҭазаара аҳақьымра иадылҳәаларцгьы лҭахуп.

"Аԥхьа хәбаҳәа сҵара хсыркәшароуп. Нас схәыҷтәы ҳақьымхарц сҭахуп", - лҳәоит лара.

Анела лҩызцәа рыцыхәмарра бзиа илбоит, ланду лахь аԥхынраз ацара даара илҭахуп, жәлар рыкәашарақәеи асахьаҭыхреи бзиа илбоит.

Анела акыр дшеиӷьхахьоугьы даҽа операциак дахысроуп. Уи ахәԥса иартәоит миллионки 510 нызқь мааҭи. Ахәҭак иадгылеит "Русфонд", "Ашана" 906 000 мааҭ еизнагароуп.

Анела ацхыраара лыҭашьазы аинформациа шәоуеит афонд "Ашана" асаит аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0