Урыстәыла атәылауаҩра змам Аԥсны атәылауаа рҽыхәышәтәра шалыршахо

© Fotolia / Narong JongsirikulАҳақьыми ачымазаҩи
Аҳақьыми ачымазаҩи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылауаҩра ахьрымам азы амедицинатә ԥгаԥса змауа Аԥсны ауааԥсыра аҳәаанырцә рҽыхәышәтәышьа атәы Sputnik аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥсны анҭыҵ ҽыхәышәтәра ацаразы ауаҩԥсы аԥхьанатә аҭыԥантәи аҳақьым иахь днеироуп.

Агәабзиарахьчара  - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра Аԥсны атәылауаа ирыцхраараны иҟоуп

"Ҳара иҳамоуп аԥхьатәи агәаҭареи ачымазара ашьақәыргылареи ахьымҩаԥырго аполиклиникақәа. Иахәҭоуп ҳәа ианырԥхьаӡо, ауаҩԥсы ахәышәтәырҭахь днарышьҭуеит", - еиҭалҳәоит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ахәышәтәра-зыԥхьагәаҭаратә цхыраара аусбарҭа аиҳабы Саида Делԥҳа.

Аҳақьым аҭыԥантәи ахәышәтәырҭақәа рҿы иахәҭоу ацхыраара изрыҭом ҳәа ирыԥхьаӡозар, ашәҟәы ицырҵоит аҳәаанырцәтәи ахәышәтәырҭаҿ аҽыхәышәтәра дахысроуп ҳәа.

"Аҳақьым ашәҟәыцҵа иациҵоит МРТ, акомпиутертә томографиа, еиуеиԥшым анализқәа. Абри ашьҭахь апациент Агәабзиарахьчара аминистррахь адокументқәа иманы дааиуеит, арзаҳал иҩуеит. Арзаҳал аминистр дахәаԥшуеит, инапы ақәиҵоит", - еиҭалҳәоит Делԥҳа.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аус рыцнауеит еиуеиԥшым амедицинатә усҳәарҭақәа: Пирогов ихьӡ зху ахәышәтәырҭа (Москва), Бакулев ихьӡ зху аинститут, Алмазов ицентр (Санкт-Петербург).

Аҟәа иаадыртраны иҟоуп акардиохирургиа аҟәша - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаадыртраны иҟоуп акардиохирургиа аҟәша

"Урыстәыла атәылауаҩра змам атәылауаа амедицинатә ԥгаԥсагьы рымам. Урҭ рдокументқәа урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рахь ирышьҭуеит. Ахәышәтәырҭаҟынтәи ачымазаҩ дрыдыркылозар, ихәышәтәра ахәԥсатә ԥхьаӡара аарышьҭуеит, иазгәарҭоит данрыдыркыло арыцхә", - лҳәоит лара.

Аминистрра ахәышәтәра ахәԥса анаиулак Афинансқәа рминистррахь инанашьҭуеит аԥараиужьразы.

"Апациент ҽыхәышәтәра ацара анилшо, аԥара анаҳшәалак ашьҭахь ауп", - лҳәоит лара.

Саида Делԥҳа илҳәоит аиҳарак аҳәаанырцә ирышьҭуа зтехнологиа ҳараку аоперациақәа ззымҩаԥгатәу роуп ҳәа.

"Аԥсны аҵакыраҿы иахьазы ирзыҟамҵо, иаҳҳәап астентҟаҵара, ашунтҟаҵара, анеирохирургиатә операциақәа рымҩаԥгаразы Урыстәылаҟа рхы ҳархоит ҳчымазцәа", - лҳәоит лара.

Саида Делԥҳа илҳәеит шықәсыки бжаки рыҩнуҵҟа 800-ҩык рҟынӡа ҳтәылауаа аҳәаанырцә ишырышьҭхьоу.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0