Акларнет иазҟазоу, мамзаргьы Шәачатәи арԥыс Аҟәа аԥшаҳәа ширлахҿыхуа

© SputnikАкларнетарҳәаҩ қәыԥш Иарослав Бориаев
Акларнетарҳәаҩ қәыԥш Иарослав Бориаев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
12 шықәса зхыҵуа арԥыс Шәачантәи Аԥсныҟа ԥсшьара дааны акларнет абжьала ақалақьуааи егьырҭ аԥсшьаҩцәеи ргәалаҟара ашьҭыхра шилшои, аԥарарҳара дшалагази, иарбан рҿиамҭақәоу иихәмаруеи уҳәа ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҟны лассы-лассы иуԥылоит амузыка азырҳәо, ашәагьы зҳәо аҟазацәа.

Урҭ дыруаӡәкуп 12 шықәса зхыҵуа Иарослав Бориаев. Абар ҩынтәуп иара Шәачантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иҭаацәа дрыцны даауеижьҭеи, акларнет аҟны ихәмаррала ахәаԥшцәа рхы-ргәы ирҿыхоижьҭеи.

"Ҩышықәса раԥхьа ҳзабадырыз Ксениа Монжелеи иҳабжьалгеит Аԥсныҟа ҳаарц, иҳалҳәеит ара оумакала ишыԥшӡоу, акультура аганахьалагьы аҿиара шыҟоу. Уи лажәақәа ирыбзоураны иҳаӡбеит арахь аара, ҳагьахымхәӡеит", – еиҭеиҳәоит Иарослав.

Амузыкант ҿа Аԥсны дшааизҵәҟьа, иаразнак иигәаԥхеит. Иара излеиҳәо ала, аратәи аԥсабареи архитектуреи дхырхит, ихы-игәы даҽакала ибо далагеит.

Иарослав ҵыԥхтәи иԥсшьарамшқәа раан амузыкахь зны-зынла дхьаԥшуазҭгьы, сынтәа ԥара хәыҷык алаирҳап ҳәа иӡбеит. Уи хәылбыҽхала Аҟәа аԥшаҳәахьы дцәырҵны икларнет аирҳәо далагеит, азыӡырыҩцәа ирҭо аԥара еизганы ашәҩа ҿыцқәа ааихәарц азы.

© SputnikАкларнетарҳәаҩ қәыԥш Иарослав Бориаев
Акларнет иазҟазоу, мамзаргьы Шәачатәи арԥыс Аҟәа аԥшаҳәа ширлахҿыхуа - Sputnik Аҧсны
Акларнетарҳәаҩ қәыԥш Иарослав Бориаев

"10 шықәса ҵуеит аспорт ахь сныҟәоижьҭеи. Ашәҩақәагьы сымазар сҭахуп. Урҭ сџьабаала исырҳаз аԥарала иаасхәар, еиҳагьы пату сызрықәлоит", - иҳәоит Иарослав иҽырҟасашәа.

Арԥыс иаԥшьгамҭа иҭаацәагьы мап ацәырымкит, аԥшаҳәаҿы акларнет анаирҳәо аамҭазы даргьы уамак иицәыхарамкәа игыланы ихәаԥшуеит.

Иарослав излазгәеиҭаз ала, хәылбыҽхала инеиааиуа ауаа ихәмарра ргәаԥхоит, иаангыланы изыӡырыҩуеит, згәы еиҳа иҳалалу аԥарагьы изынрыжьуеит.

"Ҽнак амузыкатә ҵараиурҭаҟны аус зуаз ԥҳәыск дааҭгылан, сыхәмарра ахә ҳаракны илшьеит, апрофессионалцәа реиԥш ухәмаруеит ҳәа салҳәеит. Уи сара даара саргәырӷьеит, иҵегь схы аус адысулаларц агәаҳәара снаҭеит", – иҳәеит арԥыс.

Иарослав Бориаев хәышықәса ҵуеит амузыка профессионалла иҽазыҟаиҵоижьҭеи. Иара ирҵаҩцәагьы мап ацәыркуам адәаҟны дахьыхәмаруа.

"Сырҵаҩцәа еиҳагьы иеигәырӷьоит абас сԥышәа ахьеизсырҳауа. Дара ргәаанагарала, ахәаԥшцәа рҽаԥхьа амшәареи агәыхыҭхыҭра аиааиреи аус аҟны исыхәоит. Уи адагьы, аԥара маҷк исырҳар цәгьарак аҵан ирбом", – иҳәеит Бориаев.

Хәымш рыла Иарослав ирҳаит 7 нызқь мааҭ, ашәҩақәа раахәаразы даҽа 8 нызқь мааҭ аҭахуп.

© SputnikАкларнетарҳәаҩ қәыԥш Иарослав Бориаев
Акларнет иазҟазоу, мамзаргьы Шәачатәи арԥыс Аҟәа аԥшаҳәа ширлахҿыхуа - Sputnik Аҧсны
Акларнетарҳәаҩ қәыԥш Иарослав Бориаев

Иара ирепертуар иалоуп Бах, Френк Синатра, Биттлз уҳәа рырҿиамҭақәа. Урҭ игәалаҟазара зеиԥшроу еиԥш иалхны дыхәмаруеит. Игәы каҳаны, акы игәамԥхакәа дыҟазар, аклассикатә рҿиамҭақәа алихуеит, игәы ҭгәырӷьаауазар - аџьаз.

"Зны-зынла ауаа ааҭгыланы дара ирҭаху акы сыхәмарырц исыҳәоит. Иҟалалоит, ахәаԥшцәа ргәалаҟазара анбзиоу, аџьазтә композициақәа ансызҿарҵо, усҟан иаакәашаргьы цәгьа ирбом", – азгәеиҭоит Иарослав.

Шәачатәи арԥыс ҳаԥхьаҟагьы дааны, ирҿиара иациҵарц игәы иҭоуп. Иара излеиҳәаз ала, иааиуа ашықәс азы ирепертуар аԥсуа ашәақәагьы алеиҵарц игәы иҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0