Атеатр ашьаҭаркцәа: Аԥсуа драматә театр аҭӡаҿы иубо абиустқәа зтәу

© SputnikАԥсуа драматә театр
Аԥсуа драматә театр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арубрика Оk, Sputnik аҟны Sputnik Аԥсны акорреспондентцәа аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵоит.

Кристина (Аҟәа) дҵаауеит: Амшын аԥшаҳәаҿы лассы-лассы снеиааилоит. Атеатр аҭӡы иаварххны иқәгылоу абиустқәа зтәу здыруазарц сҭахын. Сзазҵаауазаалакгьы, аҭак сырымҭеит.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik: Аԥсуа драматә театр ауаажәларреи АИХи рымадаразы аҟәша аиҳабы Шьарида Ҭыжәԥҳа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит аҭӡаҿы иқәгылоу абиустқәа атеатр ашьаҭаркреи арҿиареи зыбзоуроу аԥсуа драматургцәеи актиорцәеи роуп ҳәа.

Аҩналарҭа хада аҿаԥхьа игылоуп аԥсуа драматургиа ашьаҭаркҩы Самсон Ҷанба ибиуст. 1929 шықәсазы иара иалахәрала иаԥҵан раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә театр.

"Иара убасгьы ара иқәгылоуп актиорцәа Азиз Агрба, Минадора Зыхәԥҳа, Лео Касланӡиа, Шәарах Ԥачалиа рбиустқәа. Урҭ аԥсуа театр аҿиара рыхьӡ адҳәалоуп. Абиустқәа ықәыргылан 1992-93шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Владислав Арӡынба иаԥшьгарала. Абиустқәа равтор – Витали Џьениа", - ҳәа еиҭалҳәоит Шьарида Ҭыжәба.

© Sputnik / Томас ТхайцукСамсон Ҷанба ибиуст
Самсон Ҷанба ибиуст - Sputnik Аҧсны
1/5
Самсон Ҷанба ибиуст
© Sputnik / Томас ТхайцукАзиз Агрба ибиуст
Азиз Агрба ибиуст - Sputnik Аҧсны
2/5
Азиз Агрба ибиуст
© Sputnik / Томас ТхайцукМинадора Зыхәба лбиуст
Минадора Зыхәба лбиуст - Sputnik Аҧсны
3/5
Минадора Зыхәба лбиуст
© Sputnik / Томас ТхайцукЛео Касланӡиа ибиуст
Лео Касланӡиа ибиуст - Sputnik Аҧсны
4/5
Лео Касланӡиа ибиуст
© Sputnik / Томас ТхайцукШәарах Ԥачалиа ибиуст
Шәарах Ԥачалиа ибиуст - Sputnik Аҧсны
5/5
Шәарах Ԥачалиа ибиуст
1/5
Самсон Ҷанба ибиуст
2/5
Азиз Агрба ибиуст
3/5
Минадора Зыхәба лбиуст
4/5
Лео Касланӡиа ибиуст
5/5
Шәарах Ԥачалиа ибиуст

1912 шықәса рзы атеатр ахьгылоу аҭыԥ аҿы иргылан асасааирҭа "Гранд-отели" атеатр ахыбра ахаҭеи. Урҭ ихатәын 1-тәи агильдиа иатәыз аҭуџьар Иоаким Алоизи. Асасааирҭаҿы иҟан акрыфарҭа, амашьынақәа рыргыларҭа, асинематограф "Олимпия", аказино, адәқьанқәа ҩба.

1949 шықәса рзы Алоизи итеатр ахыбраҿы амцакра ҟалеит. Иблит атеатргьы, асасааирҭагьы.

1949 - 1952 шықәсқәа рзы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылаган. Асасааирҭа ацынхәрас ахыбрақәа рыҩбагь еидҵаны иааузымдыруа атеатр ахыбра ргылан.

Ok, Sputnik

2016 жәабранмзазы аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны арубрика ҿыц Оk, Sputnik! аусура иаланаргеит. Апортал аԥхьаҩцәа ироуеит алшара ирҭаху азҵаара аашьҭны, аҭак аиура.

Азҵаарақәа рынашьҭра алшоит FB, VK, Instagram рахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0