Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аремонт Аинвестпрограмма иалалар ауеит

© SputnikРеспубликанская больница
Республиканская больница  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 25 рзы имҩаԥысит Аԥсны Жәлар реизара асессиа.

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аремонт Аинвестпрограмма иалалар ауеит 2020-2021 шықәсқәа рзы ҳәа иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.

"2020-2021 шықәсазтәи Аинвестпрограмма иалаҳҵаша аобиектқәа рылацәажәара мҩаԥысуеит. Аԥсуа ган адгалара ҟанаҵоит ахәыҷтәы Республикатә хәышәтәырҭа апрограмма иалазарц. Атәылауаа рзы ари азҵаара акыр иҵарны иқәгылоуп", - иҳәеит иара.

Апарламент адепутат Валери Агрба аҳәара ҟаиҵеит афинансқәа рминистр абри азҵаара хаҭала ахылаԥшра аиҭарц.

Ииасыз ашықәс азы ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа радио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо иҳәеит ахәышәтәырҭа аиҭашьақәыргылара аусҳәарҭа ахала ишзалымшо.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0