Молдова атәылауаҩ Аԥсны дыԥсны дырбеит

© Sputnik / Юрий Лашов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобили скорой помощи
Автомобили скорой помощи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра, рашәара 24 ауаҩԥсы иԥсыбаҩ рбеит.

АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гагра рашәара 24 рзы ирбаз аԥсыбаҩ Молдова атәылауаҩ Олег Богати итәуп иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Аԥсны апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба.

Иара иажәақәа рыла азинхьчаратә усбарҭақәа рахь адырра ҟалҵеит Молдова атәылауаҩ. Лара лажәақәа рыла лаҵара 13 рзы лԥа апансионат "Москва" дыҩныҵны дцеит, уижьҭеи ихабар ыҟам.

Молдова атәылауаҩ Олег Богати, 1993 шықәса рзы ииз лаҵара 10 рзы Аԥсныҟа дааит. Хымш рышьҭахь хабарда дыбжьаӡит.

"Арахь даанӡа аамҭақәак раԥхьа иԥҳәыс дыԥсит. Иара ажәра хҭеикит. Иан иҭыԥ иԥсахырц Аԥсныҟа даалгеит", - иҳәеит Амҷба.

Аԥсыбаҩ рбеит асанаториа "Москва" иацәыхарамкәа. Ишазгәарҭаз ала уа иҟоу ацаҟьа даҿҟьазар ҟалоит.

"Аԥсыбаҩ ахәҭақәа аморг ахь инашьҭуп", - иҳәоит апрокурор хада ицхырааҩ.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0