Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ашколхәыҷқәа рзы алагерь еиҿнакаауеит

© Фото : Сухумский Дом ЮношестваЛагерь СДЮ в Ауадхаре
Лагерь СДЮ в Ауадхаре  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ажәеиԥшьаа-2019" захьӡу ахәыҷқәа рлагер мҩаԥысуеит Ауадҳара ԥхынгәымза 22 инаркны, абри атәы иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба ажурналист Сырма Ашәԥҳа даниҿцәажәоз.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра есышықәса имҩаԥнагоит еиуеиԥшым алагерқәа. Урҭ еиҳарак еиҿкаан аинтернатқәа рхыбрақәа рҟны, мамзаргьы ашколқәа рыҩныҵҟа.

Аԥсны Аҳәынҭкарра Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба  - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Какоба дырзааҭгылеит аушьҭымҭацәа реихьӡарақәеи, аԥышәарақәа рылҵшәақәеи

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба иазгәеиҭеит, аҵара аминистрреи аԥгаԥсатә фонди ишырыӡбаз ахәыҷқәа рзы алагер аиҿкаара. Убри инақәыршәаны, ҵыԥх Риҵатәи аҳәырԥсарраҟны, Ауадҳара ҳәа иахьаҿу аҭыԥ аҟны имҩаԥган, сынтәагьы уаҟа иацҵахоит.

"Уи иалахәын аиҳабыратәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо, араионқәа рҿы иалкааз ахәыҷқәа аҵара аганахь ала, алеишәа аганахь ала, аҭаацәаратә ҭагылазаашьа ҳахәаԥшны еидаҳкылаз ахәыҷқәа, урҭ уа рыԥсы дҳаршьон, хгәыԥкны имҩаԥган. Даараӡа ибзианы имҩаԥысит, Аԥсны Аҳәынтқарра Ахада дхалангьы дахәаԥшхьан, ҳаргьы ирлас-ырласны ҳарҭаалон иҳәеит", - Адгәыр Какоба.

Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ргәы ишаҭахыз еиԥш, аҩаӡара ҳаракны ишымҩаԥысыз, сынтәагьы рус иацырҵарц рыӡбеит.

"Избанакәзар, иалахәызгьы даара агәаҳәара роуит, иргәаԥхеит, ус баша аԥсыршьара ҳасабла имҩаԥысӡомызт. Уаҟа идырбан рымч ахьақәхоз, иахьынӡазнеиуаз Аԥсны ҳашьхақәа, ҳӡиасқәа, ҳӡылбааҟьақәа зегьы. Аҭыԥқәа бзианы издыруа, аҭоурых здыруа рыбзоурала, ҳҿар идеилдыркаауан иахьа Аԥсны аԥсабара аԥшӡара иҟоу, убри иамоу аҭоурых, уи ахьчара шаҭаху зҳәазеиԥш, абас еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа", - ҳәа азгәеиҭоит аминистр.

Какоба еиҭеиҳәеит ашколхәыҷқәа рзы аԥхынтәи алагерқәа шеиҿкаахо

Иара убас, алагер алахәцәа хәылбыҽхала алшара рыман ааӡаратә ҵакы змоу аицлабрақәа, ахәмаррақәа рымҩаԥгара. Убри аҟынтә ахәыҷқәа даараӡа иргәаԥхеит, сынтәагьы хымԥада иацҵахарц азыӡбан.

"Иалахәхо рхыԥхьаӡара иҵегьы инеиҳаҳтәыр ҳҭахын азы, ԥшьгәыԥкны ҳахьӡап ҳәа абас агәҭакы ҟаҳҵеит. Ҳазҭалоу амза, ԥхынгәымза 22инаркны раԥхьатәи агәыԥ уахь ихагалахоит, иреиӷьу азыҟаҵаҩцәа адҳаԥхьалоит, Аԥснытәи ашколқәа, аинтернатқәа рҟынтәи ҳара ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа, ҳетнологиа здыруа алархәны имҩаԥаҳгоит. Убраҟа иалаҳархәырц ҳҭахуп Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа, ҳбызшәа акафедра алахәылаҩцәа, аԥсуа литература аҭоурых акафедра алахәыҩцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа зҳәазеиԥш абас аӡәырҩы", - иҳәеит аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба излазгәеиҭо ала, ҵыԥх ирыгыз ирыбзаз иазхәыцны сынтәатәи ашықәс иҵегьы еиӷьны аиҿкаара гәҭакыс ирымоуп.

Иазгәаҭатәуп, мчыбжьык мчыбжьык ԥшьгәыԥк Ауадҳара ишхаргало, гәыԥцыԥхьаӡа 50-ҩык шеиднакыло, 200-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа алагер иалахәхараны ишыҟоу. Абасала, еиҿкаауп "Ажәеиԥшьаа-2019" захьӡу алагер.

Ажәабжьқәа зегьы
0