АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аамҭала Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа адыркуеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа аофициалтә саит.
"Рашәара ҩажәа раахыс Қырҭтәыла имҩаԥысуеит аҿагыларатә акциақәа Аиашахаҵара Жәларбжьаратәи ассамблеиа асессиаҟны урыстәылатәи аделегациа ахьалахәыз инадҳәаланы. Аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуеит Аԥсны иаԥну Жәыргьыҭтәи араион аҿгьы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҿы иазгәарҭеит иара убасгьы Қырҭтәыла аҵакыраҟынтә аҳәаанырцә тәылауаа Аԥсны ралалареи Аԥсны атәылауаа Қырҭтәыла аҵакыра ралалареи шыԥкхо.
Аԥсны Апарламент Қырҭтәыла адепутат иганахь ала ашьаус хацыркызарц адҵа ықәнаргылоит>>